АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа ақалақь аҿы аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы алашара арцәара зыхҟьо афымцатә цәаҳәақәа зҵалаз ахьанҭароуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит СУЕС аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.
"Ахьҭақәа ҟалеит. Ииасыз ашықәсқәа ирҿырԥшны сынтәа афымцахархәара 20% рыла еиҳахеит", - иҳәеит иара.
Иара иажәақәа рыла, ахьанҭара иаҵалеит афидерқәа (аихшарҭатә цәаҳәақәа - аред.), урҭ уи ирзымычҳаит. Афымцалашара ацәарагьы убри иахҟьеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Лазба: афымца ахә ахшәаара адагьы, иеиҷаҳалатәуп