Аҟәатәи афымцатә усбарҭаҿы иалацәажәеит аҳҭнықалақь аҿы алашара арцәара зыхҟьо

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҟәатәи афымцатә усбарҭаҿы иалацәажәеит аҳҭнықалақь аҿы алашара арцәара зыхҟьо
Аҟәатәи афымцатә усбарҭаҿы иалацәажәеит аҳҭнықалақь аҿы алашара арцәара зыхҟьо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҽыша, ԥхынҷкәын 8 рзы аҳҭнықалақь араионқәак рҿы афымцалашара ырцәан. Уи амзызқәа ртәы еиҭарҳәеит Аҟәатәи афымцатә усбарҭаҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа ақалақь аҿы аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы алашара арцәара зыхҟьо афымцатә цәаҳәақәа зҵалаз ахьанҭароуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит СУЕС аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.

"Ахьҭақәа ҟалеит. Ииасыз ашықәсқәа ирҿырԥшны сынтәа афымцахархәара 20% рыла еиҳахеит", - иҳәеит иара.

Иара иажәақәа рыла, ахьанҭара иаҵалеит афидерқәа (аихшарҭатә цәаҳәақәа - аред.), урҭ уи ирзымычҳаит. Афымцалашара ацәарагьы убри иахҟьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0