Арадио

Шамԥҳа еиҭалҳәеит Очамчыра иӡыргахо аԥсуа кәадырқәа рҷыдарақәа ртәы

Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аетнографиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Очамчыра еиҿкаахо ацәыргақәҵа зызкхо, иӡыргахо амаҭәарқәа ртәы.
Sputnik

Очамчыра ақалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак аԥшьгарала ԥхынҷкәын 10 рзы еиҿкаахоит ацәыргақәҵа "Амҵәыжәҩа змоу Бзоу" ҳәа. Уи хықәкы хадас иамоуп аҿар аҽыбӷаҟазара агәыбылра дыркра, аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа акультуратәи аинформациатәи дгылара рыҭара.

Ацәыргақәҵаҟны еиуеиԥшым акәакьқәа ӡыргахоит. Урҭ руак аҭоурых-етнографиатә кәакь акәхоит. Уаҟа Амилаҭҭә музеи аҟынтәи аекспонатқәа цәыргахоит.

Шамԥҳа еиҭалҳәеит Очамчыра иӡыргахо аԥсуа кәадырқәа рҷыдарақәа ртәы

"Даара иус бзиоуп ас еиԥш ацәыргақәҵахь ааԥхьара ахьҳарҭаз, раԥхьатәи шьаҿахоит Аҟәа ҳналсны араионқәа рахь ҳныҟәара аганахьала. Аибашьра ҟалаанӡа ԥаса Аԥсны ахы-аҵыхәа ирацәаны ацәыргақәҵақәа еиҿыркаауан. Атема акәзар, даара аинтерес аҵоуп, хықәкыла аҽыбӷаҟазара иадҳәалоуп, ирҭаххеит убасгьы ацәыргақәҵаҟны  аҽымаҭәа ӡыргаӡарц.

Аԥсуа кәадырқәа ҽакы ирылаҩашьом, абҩаш иалхны иҟоуп. Аԥсны урҭ ирызҟазаз ыҟан…

Ҳмилаҭ еиуеиԥшым анцәахәқәа рыман. Аҽы анцәахәы акәзар, Аштәы ҳәа иашьҭан. Аԥсуаа ҳҟны ауаҩы дшыхәыҷыз аҽҵыс ицрааӡон… Абнаҽы аҩныҟа иааганы рнапы ианадыршьцылаз ҳәа аџьаз аамҭа арбоуп. Археологцәа иахьагьы ажрақәа раан ирԥшаауеит аҽымаҭәа", - лҳәеит Шамԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.