Арадио

Џьениа еиҭеиҳәеит Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла аиубилеитә цәыргақәҵа шеиҿкаахо

Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла аиубилеитә цәыргақәҵа шеиҿкаахо атәы.
Sputnik

Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иахьа асааҭ 12 рзы иаатуеит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа. Уи аҭааҩцәа рзы иаартызаауеит мчыбжьык аҩнуҵҟа.

Џьениа еиҭеиҳәеит Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла аиубилеитә цәыргақәҵа шеиҿкаахо

"Ажьырныҳәа 5 рзы Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80 шықәса ахыҵит. Даара ирацәамзаргьы, ари аамҭа иалагӡаны амилаҭ культура аизырҳаразы иалшаз рацәоуп, абиԥарақәа еиҵагылеит. Аԥышәа еимдо, рҟазара ауаҩы игәы иахәаратәы иааиуеит асахьаҭыхыҩцәа, ҳаԥхьаҟагьы уи еизырҳаны ԥхьаҟа изгаша аҿар аҵагылап ҳәа ҳгәыӷуеит. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аус зуаз асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа иахьынӡалшо ацәыргақәҵа иалаҳархәуеит", - иҳәеит Џьениа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.