Аҟәа иацәыхарамкәа аџьазлых рԥшӡагақәа рыԥшааит

Аҳәса рҽырԥшӡагақәа, аҳәызбақәа, аҟамақәа уҳәа егьырҭ аџьазлых маҭәарқәеи ԥшаан ажәытә ԥсыжырҭаҿы. Аҵарауаа ари аҭыԥ аҿы ажрақәа ирыцырҵарц ӡбаны ирымоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik, Васили Никулин. Аҟәа иацәыхарамкәа ашьхара иахьаҵанакуа ашәарыцараан ирыԥшааит иуникалу аџьазлых маҭәарқәа, аамҭала ҳера ҟалаанӡа XII-VI ашәышықәсақәа ирыҵаркуа ҳәа рҳәеит АРСМИРА имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аусзуҩ Гарик Сангәлиеи, академик Олег Бӷажәбеи, аҭоурых абзиабаҩ Асҭамыр Аибеи.

Очамчыратәи аԥшаах иану аҩыра абызшәа шьақәдыргылеит>>

Иԥшаау артефактқәа рыгәҭа иҟоуп аԥсақәа, аҟамақәа, абҵқәа, аҳәызбақәа, амиф ԥстәқәа рсахьа зну амаҟеибаркыгақәа, агәлаҵақәа, анапхаҵақәа, абӷакәыршақәа. Аԥхьа ирбаз ҟамоуп.

Аҟәа иацәыхарамкәа аџьазлых рԥшӡагақәа рыԥшааит

Ашәарыцацәа дрылан аҭоурых абзиабаҩ Асҭамыр Аиба. Иара иаразнак еиликааит ирымԥыхьашәаз аматериал аҭҵаарадырразы ахәшьара ҳарак шамоу, археологцәагьы адырра риҭеит.

"Сара саныхәыҷыз аахыс антикатәи авторцәеи аԥсуа ҭҵааҩцәеи срызҿлымҳан. Еснагь издыруан ҳашьхарақәа рҿы, ауаа рацәак иахьырҿхысырҭам аҭоурыхтә баҟақәа шыҟоу. Ҳара ҳаԥшаахқәа џьазлыхқәоуп. Дара ара инхоз ауаа рҭоурых, ркультура атәы ҳзеиҭарҳәоит. Сгәы иаанагоит, ҳҵарауаа аԥшаахқәа ҭҵааны инарҭбааны иҳазрылацәажәап ҳәа", - иҳәоит Асҭамыр Аиба.

Аԥшаахқәа ртәы шраҳаз еиԥш, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Гарик Сангәлиа Асҭамыр Какалиеи аҭыԥ ахь инеит. Гарик Сангәлиа иаразнакы иазгәеиҭеит ари жәытә ԥсыжырҭоуп ҳәа.

Амаӡақәа аартуп: археологцәа Аԥсуа баагәара ду аҭҵаара актәи аетап хдыркәшеит

"Ари жәытә ԥсыжырҭоуп. Уаанӡа ари аҩыза аԥсыжырҭақәа ахьаҳԥылоз Аԥсны аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы акәын. Уажәы иуҳәар ауеит асеиԥш аԥсыжырҭақәа Аԥсны аҵакыра зегьы аҿы иҟазшьарбагоуп ҳәа. Уажәнатә иазгәоуҭар алшоит аԥшаахқәа ҳера ҟалаанӡа XII-VI ашәышықәсақәа ишрыҵаркуа", - иҳәоит Гарик Сангәлиа.

Археологцәа аԥшаахқәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иарҭараны иҟоуп. Асҭамыр Аиба агәыӷра ааирԥшит ари аҭыԥ аҟны наҟ-наҟгьы археологиатә ԥшаарақәа аҳәынҭқарра адгылара анаҭап ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: