Амаӡақәа аартуп: археологцәа Аԥсуа баагәара ду аҭҵаара актәи аетап хдыркәшеит

© Sputnik / Томас Тхайцукархив
архив - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Аԥсуа баагәара амаӡақәа" актәи аетап ахыркәшара иазкны абҵара 5 рзы Sputnik аҿы имҩаԥган апресс-конференциа.

"Аҭҵааҩцәа заҟаҩ ыҟоу аҟара агәаанагарақәагьы ыҟоуп. Аԥсуа Баагәара иазку агәаанагарақәа макьана апроблематә ҟазшьоуп ирымоу" ҳәа иҳәеит абҵара 5 рзы Sputnik аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿ апроект аҭҵаарадырратә напхгаҩы Олег Бӷажәба.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара знапы алаку археологцәа Гал араион Хьацҳа ақыҭанаусурақәа мҩаԥыргон. Урҭ ара имҩаԥыргоз експедициа аан абжьарашәышықәсатә бааш рбеит. Ари аҭыԥ аҿы асовет аамҭақәа раан ацитрустә нхамҩа аус ауан.

Аҳ ибааш - Sputnik Аҧсны
Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп

"Абааш аинтерес ҳзыркыз иара афрагментқәеи Аԥсуа Баагәара афрагментқәеи реиԥшроуп", - еиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Шандор Ҟаитан.

Жәамш рыҩныҵҟа археологцәа иаадырԥшит ажәыәт ԥсыжырҭақәа, асовет аамҭазы иԥыххааз абааш, аргыларатә керамика, ауаатәыҩса рыԥсыбаҩқәа.

"Аматериал аинтерес аҵоуп. Ашықәсқәа рылацәажәара макьаназ изаауп, аха абжьарашәышықәса ишаҵанакуа убартә иҟоуп. Ццакрада аматериал анализ азутәуп", - азгәеиҭеит Ҟаитан.

Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Дмитри Аҩӡба иажәақәа рыла Гал араион аҿы ари реиҳа инарҭбаау експедициоуп аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы.

"Убри азоуп аҭыԥантәи ауаа ҳнеира гәахәарыла изрыдыркылаз, иагьзырҳәаз асеиԥш иҟоу аекспедициақәа системала имҩаԥгалатәуп ҳәа" - иҳәоит Аҩӡба.

Аԥснытәи абжьара-шәышықәсазтәи аргыларақәа - Sputnik Аҧсны
Абжьара-шәышықәсазтәи Аԥсны абаҟақәа

Аԥшааратә усурақәа раан ацхыраара ҟарҵон галтәи ашколхәыҷқәагьы.

"Уажәы амшқәа ахьынӡабзиоу ҳусура аҩбатәи ахәҭахьы ҳаиасуеит, уи археологиатә ԥшаарақәа роуп. Гал араион аҟны иҟоу аобиектқәа рыҭҵаара ҳалагоит, хыџьара археологиатә експедициақәа мҩаԥаҳгоит", - иҳәеит Аҩӡба.

Археологцәа русура ԥхьаҟагьы иацырҵалоит. Абҵарамзазы аҭҵааҩцәа ргәыԥк Џьгьардаҟа рхы дырхоит ақыҭа акалҭ ахь иҟоу абааш аҭҵааразы.

Џьгьардатәи абааш амаӡақәа рыҭҵаара ашьҭахь археологцәа рхы дырхоит Маҷаркаҟа. Уатәи анхаҩцәа руаӡәк иҿы ирыԥшааит акерамика алых. Иҟоуп агәаанагара иҵегьы амаӡа зҵоу алыхқәа рбап ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0