Арадио

Надараиа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рзы: иҟанаҵ иҟоуп аҭынчрагьы

Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәыз, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы Ҭемыр Надараиа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит аԥсуа ган азы аиҿцәажәарақәа хәарҭас ирылоу атәы.
Sputnik

Ԥхынҷкәын 10-11 рзы Женева имҩаԥысуеит Кавказ анҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 50-тәи рраунд.

Надараиа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рзы: иҟанаҵ иҟоуп аҭынчрагьы

"Ԥыҭҩык ргәы иаанагоит Женева ҳцара акгьы аанагаӡом ҳәа, аха уа ираҳауеит ҳаӡбахә. Сгәы иаанагоит 50-тәи араунд аҿы иаҳа иалкааны Аԥснынтә аделегациа шьҭтәын ҳәа. Ҳара иҳамоуп уа азин ҳҿахәы аҳәара, избан нас уи зыҟаҳамҵо? Азҿлымҳара змоу аполитик даналахәхалак, усҟан аиҿцәажәарақәа иаҳа аинтерес рыҵалоит. Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыстатус шьҭыхтәуп, ҳара иҳамаӡам иаҳӡо ҳәа аинформациа, иҳамаӡам ҳзыцәшәо. Ҳара ҳҿы аамҭала иаанкылоу аконфликт ҳәа иашьҭоуп, аха ианалагогьы аӡәгьы издырӡом. Аиҿцәажәарақәа цонаҵы аҭынчра ыҟоуп, уи ҳанаҟәыҵ, аибашьрахь ҳкылсыр ауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Надараиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа Аԥсны жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны аҿахәы аҳәар ахьалшо аиԥш зеиԥшу ҭыԥ ыҟам. Дара мҩаԥысуеит 2008 шықәса раахыс.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: