Аԥсны аинтересқәа Женева рыхьчаразы апрограмма шьақәырӷәӷәоуп

© Фото предоставлено МИД РАДелегация МИД Абхазии примет участие в 37-м раунде Женевских дискуссий
Делегация МИД Абхазии примет участие в 37-м раунде Женевских дискуссий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрограмма ахықәкытә финансыркра ахархәагақәа рзеиԥш шәагаа иартәоит 4 миллионки 295 нызқьи 200 мааҭ.

АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсны аинтересқәа Женева рыхьчаразы аиҳабырабжьаратә хықәкытә программа.

Уи цәыригеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа. Иара иажәақәа рыла, ари апрограмма жәларбжьаратәи аилазаараҟны Аԥсны ахыдҵақәа рынагӡара иазырхоуп, Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала адәныҟатәи аполитиказы ажәларбжьаратәи аилазаара инарҭбаау аинформациа аҭара алнаршоит, ҳтәыла жәларбжьаратәи аимадарақәа арҭбаауеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Даур Ақаҩба: Женева ирылацәажәан Аԥсны азы аҵакы зманы иҟаз азҵаарақәа

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба инаҵшьны иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа Аԥсны жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны аҿахәы аҳәар ахьалшо аиԥш зеиԥшу ҭыԥ шыҟам, убри азы иколлегацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит уи иадгыларц азы. Даргьы ус иагьыҟарҵеит.

Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны афинансқәа рминистрра дҵас ианаҭеит 2020 шықәсазтәы Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи ари апрограмма аԥара азоунажьырц. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аминистрцәа Реилазаарахь 2020 шықәса цәыббра 1-нӡа Апрограмма анагӡашьазы аҳасабырба нанагарц. Ақәҵара амч аиуеит ажьырныҳәа 1, 2020 шықәсазы.

Апрограмма иалнаршароуп Қырҭтәылеи Аԥсныи амч рхамырхәаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵаҩра иазырхоу Қырҭтәыла злахәу аиҿцәажәарақәа реиӷьтәра абзоурала Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара. Иара убас апрограмма ахықәкқәа иреиуоуп Аԥсны иҵоуроу ахыԥша ашьақәыргылареи жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны анагареи; атәыла аҭоурых-культуратә ҭынха абаҟақәа реиқәырхара апроблема алацәажәара; Аԥсны атәылауаа адәныҟатәи адунеи жәларбжьаратәи аилазаара аганахьала алхәдаара аҽазышәарақәа рҿагылара; аԥырхага ҟазҵо ахәачақәа рықәхра, иаҳҳәап, амармалташьтә пты, амцаԥшьхәаҷа, апальма зфо абжы, егьырҭ аекологиатә шәарҭарақәа раԥыхра.

Апрограмма анагӡара аҿҳәарас иамоуп 2020 шықәса. Аусмҩаԥгатәқәа рыплан иалоуп: Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ашәарҭадареи агуманитартә зҵаарақәеи рзы аусуратә гәыԥқәа Аԥсны аделегациа алахәра, иара убас Гал ақалақь аҟны ишәарҭоу ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рҿагылареи рзы есымзатәи амеханизм алахәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0