Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Урыстәыла амедусҳәарҭақәа рҿаԥхьа ауалқәа ашәеит

Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа 2019 шықәсазтәи аусура аихшьаалақәа ҟаиҵеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Урыстәыла амедусҳәарҭақәа рҿаԥхьа 2012 - 2018 шықәсқәа раахыс еиқәыланы иҟаз ауалқәа ашәеит иҳәеит апресс-конференциаҿы Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

"2012 шықәса раахыс Урыстәыла амедицинатә усҳәарҭақәа рҿаԥхьа 59 миллион мааҭ ауал ҳақәын. Арҭ ауалқәа шықәсыцыԥхьаӡа еиҭаҵуеит, еиқәылоит, еиҳа-еиҳа ирызҳауеит", - иҳәеит аминистр.

Урыстәыла амедицинатә усҳәарҭақәа рҿаԥхьа ауал аҟазаара еиҳарак изыдҳәалоу усҟантәи аамҭақәа рзы амедицинатә ԥгаԥса аполисқәа ахьыҟамыз ауп.

Аминистрцәа реилазаараҿы аҷаҷа чымазара ахәышәтәраз апрограмма рыдыркылеит

"2018 шықәса рзы аминистрра абиуџьет аҳәаақәа ирҭагӡаны ишәан 24 миллион мааҭ", - иҳәеит Ҵахнакьиа.

2019 шықәса рзы аиҳабырабжьаратә комиссиа аицхантәаҩцәа рыӡбарала 50 миллион мааҭ иаанхаз ауал ашәара иазырхан.

"Ажәакала, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Урыстәылатәи амедусҳәарҭақәа рҿаԥхьа 2012 - 2018 шықәсқәа раахыс еиқәыланы иҟаз ауалқәа ашәеит", - иҳәеит иара.

2019 шықәсазы акәзар, иҟоуп рацәак идуум ауал.

Урыстәылатәи аклиникақәеи ҳареи ҳаицәажәарала, ауалқәа еиқәымларц азы ианаамҭоу аԥарахшәаара мҩаԥаагалоит ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: