Гагра хаҵак иашьа даниеихс ашьҭахь ихы деихсит

Иҟалаз ахҭыс азы Гагра араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь аҭел иасит аҩаша, ԥхынҷкәын 10 асааҭ 24:00 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik, Бадри Есиава. Ахаҵа иашьа даниеихс ашьҭахь аҽшьра иҽазишәеит Гагра, ԥхынҷкәын 10 ауха ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит Гагра араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҷаԥшьаратә хәҭаҿы.

"Иҟоу адыррақәа рыла, Арсалиа зыжәлоу хаҵак аԥхьа иашьа диеихсит, нас ихы деихсит. Ишаадыруа ала, ихысыз ахәышәтәырҭа дҭоуп, иашьа иԥсҭазаара далҵит", - рҳәеит аҷаԥшьаратә хәҭаҿы.

Иҟалаз зыхҟьаз макьаназ ишьақәыргылам, рҳәеит амилициаҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: