Бга ахьҭам ла ҭашуам, мамзаргьы акриминали амчреи еилаҵәар аналшо аамҭа

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБга ахьҭам ла ҭашуам, мамзаргьы акриминали амчреи еилаҵәар аналшо аамҭа
Бга ахьҭам ла ҭашуам, мамзаргьы акриминали амчреи еилаҵәар аналшо аамҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дазааҭгылоит аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа рзы азакәан иалоу аԥынгылақәа шырџьбаратәу, иара убас ацәгьоуцәа ирызԥырҵәо ахьырхәрақәа иахәҭоу ахылаԥшра шрыҭатәу.

Ари алԥхынрак аӡы ҳӡааԥшылозшәа, Sputnik Аԥсны арадиодырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы уи иалахәыз аполитика здыруа ауааи ҳареи ҳалацәажәон аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа рзы азакәан иҵегьы абырҵкал икылху аԥынгылақәа амазарц шахәҭоу.

Избан, изцәырҵи ари азҵаатәы? Ицәырҵит, избанзар алхратә кампаниаҿы ҳгәаҳҽанӡамкәа ицәырҵуа иалагеит аполитикатә ԥышәа змамыз, напхгаҩык иаҳасабала ҩыџьа ирхамгылацыз ауаа. Раԥхьаӡа акандидатцәа жәаҩык ыҟан, анаҩсан, аӡәы далҵын, жәҩык алхрақәа рахь инеит. Арацәара аныбзиоугьы ыҟазар акәхап, аха аполитика ззанааҭым, зыпсихикатә, зморалтә ҭагылазаашьа агәыҩбара узҭо акандидатцәа анцәырҵлак, ари шшәарҭароу уазымхәыцыр ҟалом.

Уажәшьҭа ҿырҳәала исҵеит, азакәан ахәаԥшрагьы сҭахым, Аԥсны ахадас дҟалар илшоит 35 шықәса зхыҵуа, 65 шықәса иреиҳам, аҳәынҭқарратә бызшәа здыруа атәылауаҩ. Убри аан, иреиҳау аҵараиурҭа иалгара, иполитикатә ԥышәа, инысымҩа уҳәа акымзарак аанагом. Акандидат еизигоит анапынҵақәа 2 нызқь рҟынӡа, идгыло ауаа наицны Алхратә комиссиа хадаҟны ашәҟы иҽҭеигалоит.

Абасала, акыр имариоуп аҳәынҭқарра ахадарахьы амҩа ақәлара. Абарҭқәа ирыхҟьаны аԥсуа политика иаланагалар алшоит асабрада зҿоу ауаа. Азакәан урҭ ԥынгыла рнаҭом. Акриминали аиҳабыреи рымчқәа ааидҩыло аҟалара излаҿу ала, атәыла анапхгарахь инанагар алшоит аҳәынҭқарра ҵызшәаауа амчрақәа.

Алхратә комиссиа хадаҿы алингвистикатә комиссиа  - Sputnik Аҧсны
Акандидатцәа рзы аԥышәара, ма абызшәатә культура аҩаӡара

Ишәгәаласыршәоит, иаҳхысыз алхрақәа раамҭазы Алхратә комиссиа хадаҿы акандидатцәа инаргаз алхыҩцәа рнапынҵақәа реизгашьазы агәыҩбарақәа шцәырҵыз, аха нас, "усгьы арҭ заиааиуам" ргәахәзар акәхап, жәҩык ашәҟәы иҭагалан. Аҳәынҭқарратә бызшәа аԥышәара џьара-џьара аформалтә ҟазшьа шамаз ааԥшит, анаҩс ателехәаԥшратә ефирқәа рҿы инеибеиԥшны акандидатцәа зегьы рхы ирзархәомызт азы. Ажурналист ԥсышәала азҵаара ҟалҵон, акандидат - урысшәала аҭак. Абраҟагьы, "усгы дзаиааиуам" рҳәазшәа, зегьы аԥышәара иахрыжьит.

Машәыршәа аԥсшәа ззымдыруаз даиааир, нас ҳара дҳауан збызшәа ззымдыруаз аҳәынҭқарра ахада.

Уажәшьҭа сазааир сҭахуп санҵамҭа атема хада.

Интервью - Sputnik Аҧсны
Ахьаԥарч изхылҵыз иахәлаџьаџьон

Сынтәа иқәгылаз акандидатцәа рыбжьара дыҟан абахҭа зхызгахьаз Артур Анқәаб. Иара инысымҩа азҵаарақәа рацәаны ицәырнагон, аха АКХ иамоу анапынҵақәа уи иаҿагыларатәы иҟам, избанзар азакәан уи атәылауаҩ азин инаҭон ақәгылара. Ауаа ирзымбатәбарахеит цәыббрамза 19, 2017 ш. дыбналеит ҳәа азинхьчаратә усбарҭақәа зышьҭаз, зинда абџьар ҵәахны измаз, ауаҩы иеихсразы ашьауӷатә ус зганахьала ихацыркыз кандидатс дахьықәгылаз.

Аԥсны ахадара згәы иҭазкыз, "азакәан аҳра ауа иҟазароуп" ҳәа алхратә кампаниа иаалагылаз Анқәаб лаҵарамза 2018 шықәсанӡа дыбналаны дыҟан, анаҩсан абахҭа дҭаркит. Цәыббрамза 30 иара убри ашықәсан амнистиа длақәшәан, ахақәиҭрагьы иоуит, акандидатразгьы ԥынгыла имамкәа дааҟалеит.

Иазгәаҭатәуп, 1996 шықәса раахыс Артур Анқәаб Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аус шиуаз, 2011 - 2015 шықәсқәа рзы амилициа ашколгьы дшахагылаз, иара убас, данкандидатуаз аамҭазы ААУ Урыстәылеи аҳәаанырцәи рҭоурых акафедраҿы рҵаҩы еиҳабыс дшыҟаз. Аҿар аҵара дирҵон азакәан иацәыбналаны иҟаз ауаҩы. Ус иҟан, избанзар ԥынгыла ыҟам.

Алхрақәа нҵәеит акандидат Анқәаб 1 403 бжьы иманы. Алхрақәа рышьҭахь, ихьыӡ аӡәгьы игәаламшәо иааҟалон еиԥш, ажәлар иаарылаҩит аабыкьа, абҵара 24 рзы, Лечкоп араион аҿы иӷьычны иргаз аусдкылаҩ Армен Григориан иус далаҟьашьуп атәыла ахадарахьы кандидатс иҟаз Артур Анқәаб ҳәа. Ауҳәансҳәанқәа рызхьаԥшра уадаҩуп, аха урҭ бжеиҳан ианиашахо ыҟоуп.

Артур Анқәаб даанкылоуп Армен Григориан иӷьычра далаҟьашьуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны - Sputnik Аҧсны
Артур Анқәаб даанкылоуп Армен Григориан иӷьычра далаҟьашьуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны

Уи шьақәнарӷәӷәеит ԥхынҷкәын 9 рзы иҳауз иофициалтәу аацҳамҭа: "Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ԥхынҷкәын 9 рзы имҩаԥнагаз аилатәараҿ аӡбара аднакылеит Артур Анқәаб ҩымз ҳәа ҿҳәарас иҭаны даанкылазарц", - ҳәа. Хымԥада, макьаназы Анқәаб гәҩарас дҟаҵаны даанкылоуп, ахара иду-идму анеилкаахо аус ҭҵааны аӡбарҭа аҳәамҭа анаднакылалак ашьҭахь ауп. Ус акәзаргьы, "бга ахьҭам ла ҭашуам" шырҳәо еиԥш, ари аҩыза игәаӷьыуацәоу аус аҿы Аԥсны ахадарахьы кандидатс иҟаз, уаанӡа ацәгьоуразы идырбаандаҩхьаз ауаҩы аԥсуа политика амаа икырц дахьаҿыз иаҳнарбоит ахадарахьы амҩа шыҭшәам, аԥынгылақәа даара ишмаҷу.

Ауалқәа рыргьыжьреи, ажәлар реидкылареи: Артур Анқәаб иҿцәажәара>>

Амораль ҳәа ҳзышьҭоу акәзар, ауареи аҭахреи анацу иазхәыцуа маҷҩуп. Иазхәыцуазҭгьы, ақәгыларазы ҩ-нызқь бжьы Анқәаб ианеизигоз, "баба, ари уара иуусым" ҳәа иазҳәоз ҭынха дзыҟамлеи?!

Аԥсны ихацдыркуа ашьауӷатә усқәа енагь аҵыхәтәанынӡа ирызнагом. Аҳәара уадаҩуп Армен Григориан иӷьычразы аус аҿы акәаԥ аргылара алыршахар ҟалоит ҳәа. Ус акәзаргьы, аԥсуа ҭоурых дамыӷаны ианхалоит ахадарахьы акандидат ауаҩӷьычраҿы гәҩарас дрыман ҳәа.

Иахьа ахьӡи ахьымӡӷи баргәымкәа излаҟалаз ала, аригьы аархашҭып. Иагьџьасшьом иааиуа алхратә кампаниақәа рҿы ҩаԥхьа "ҳфырхаҵа" дкандидатны даақәгыларгьы. "Ԥсыуак ишыҟаиҵара сныҟәеит" ҳәа сынтәа телехәаԥшрала данықәгылоз ишиҳәаз еиԥш, даҽазныкгьы уи алексика ааҳадигалар алшоит.

Амчреи акриминали аилаҵәара иалагар шалшо иара убас иаҳнарбоит абҵарамза 22 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҟны иҟалаз ацәгьоуреи уи акәша-мыкәша иҟоу ацәажәарақәеи. Аҵыхәтәантәи аинформациала, уаанӡа ирӷьычыз Омар Мерцхәылаа иус азы гәҩарас ирыманы мшаԥымза 30, 2019 шықәсазы иаанкылаз Ерик Ҷкадуа, ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа хҩык ауаа рышьразы гәҩарас деиҭашьҭыхны, иԥшааразы аусқәа шхацырку ҳзаанацҳауеит амилициа аинформациатә ҟәша. Мерцхәылаа иус азы амчратә усбарҭқәа Ҷкадуа иганахь авба анырзымԥшаа, абџьар ҵәахны иахьимаз азы ашьауӷатә ус изаартны, "аҩнытәи аҭакра" захьӡыз "аҳамҭа" наиҭаны доушьҭын. Анаҩсан, уи инеиааирҭа аӡәгьы дахыламԥшуаазар акәхарын, уажәы "Сан-Ремо" аԥхьа иҟалаз ацәгьоура далахәуп ҳәа ҿыц гәҩарас дҟаҵаны ишьҭоуп "аҩнытәи аҭакра" зуалыз Ҷкадуа.

Сазҵаауеит, "абџьар аҵәахреи" "атранспорт аӷьычреи" рзы избан иара изианашьаз "аҩнытәи аҭакра"? Избан иара изы ҳбахҭаҿы аҭыԥ зыҟамлаз? Иаҳдыруеит, еиҳа иԥсыҽу аусқәа рзы "аҩнытәи аҭакра" азыԥҵәара шымариам. Азакәан зегьы рзы еиԥшны аус анамуа, абас иҟалоит.

Омар Мерцхәылаа иӷьычра иалаҟьашьуп ҳәа гәҩарас ирымоу хҩык ауаа аанкылоуп>>

Уажәшьҭа ишьҭоуп Доминика Ақырҭааԥҳа ллахьынҵа ҿахызҵәаз, иара убас "аӷьычцәа нагақәа" ирхыԥхьаӡалаз Асҭамыр Шамбеи Алхас Аҩӡбеи рышьра дадҳәалоуп ҳәа гәҩарас дҟаҵаны Ерик Ҷкадуа.

Ахәра зауны ахәышәтәырҭа иҭаз Доминика Ақырҭааԥҳа лыԥсҭазаара далҵит>>

Дырзыԥшаар - абзиа, аха аҭак ҟазҵода уи аҩны дахьҭакыз инеиааирҭа хылаԥшрада иахьыҟаз азы? Избан ихы дақәиҭны адәы дзықәыз? Абас зҵаара шәкы цәырҵуеит акриминогентә ҭагылазаашьа ахҳәаа азаҳуазар.

Аҟәа аԥшаҳәаҿы ахысразы гәҩарас ирымоу иԥшаара рылаҳәоуп - Sputnik Аҧсны
Аҟәа аԥшаҳәаҿы ахысразы гәҩарас ирымоу иԥшаара рылаҳәоуп

Аҳәынҭқарра ахадарахьы кандидатс иҟаз Артур Анқәаб изҵаара ҳазыгьежьуазар, аӡбарҭаҿы дукатс имазгьы даҳәон "аҩнытәи аҭакра" изалхзарц "имоу агәамбзиареи ахымхәареи" рзы, аха аӡбаҩцәа уи мап ацәыркуеит. Ари зегь еицырдыруа сценариуп, абахҭа аҭакра анаарыдгылалак, ачымазарақәа аацәырҵуеит.

"Бга ахьҭам ла ҭашуам" рҳәоит, аҩызцәа, Жәлар Реизара адепутатцәа азхәыцроуп аԥсуа политика акриминал рнапаҿы иаарымгарц азы, абырҵкал икылху аԥынгыла-закәанқәа шаԥҵатәу, анакәымха, ҳаанхоит аҳәынҭқарра ззыҟамҵаз тәыланы. Ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз рҿаҳьа ари ҳақым…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0