"Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара аграфик рыланаҳәеит

Афымцалашара аиура аԥкрахьы иаҵанакуеит Гагра, Гәдоуҭа, Тҟәарчал араионқәа. АУН "Амшынеиқәафымцамч" ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵоит афымцалашара аекономиа азуны рхы иадырхәаларц.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Афымцалашара аиура дырцәалоит уахынла, арахь иаҵанакуеит Гагра, Гәдоуҭа, Тҟәарчал араионқәа ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

"Афымцатә ҳақәа аӡынтәи аамҭазы ахьанҭара иахьаҵало инамаданы иалагалахоит аамҭалатәи аԥкрақәа", - ҳәа азгәаҭоуп апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Афымцалашара дырцәалоит 30-30 минуҭ абри аграфик ала:

• 20:00 - идырцәоит ВЛ-110 "Жәкәара". Фымцалашарада инхоит: ПС "Гагра -2", ПС "Холодная речка", ПС "Цандрыԥшь-ахага", ПС "Гьечрыԥшь"

Лазба: афымца ахә ахшәаара адагьы, иеиҷаҳалатәуп

• 20:30 – идырцәоит ВЛ-110 "Пицунда", ВЛ-110 "Алаҳаӡыхь". Фымцалашарада инхоит: ПС "Пицунда", ПС "Алаҳаӡыхь"

• 21:00 идырцәоит ВЛ-110 "Калдахәара", Т-2 ПС "Тҟәарчал ГРЭС". Фымцалашарада инхоит: ПС "Мысра", ПС "Мысра-ахага", ПС "Гәдоуҭа", ПС "Гәдоуҭа-ахага", ПС "Тҟәарчал ГРЭС".

Уаанӡа Аҟәатәи афымцалашаратә станциақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал Sputnik Аԥсны акорреспондент изеиҭеиҳәахьан Аҟәа ақалақь аҿы лассы-лассы афымцалашара аҟамзаара мзызс ишамоу ацәаҳәақәа ахьанҭара ахьырзышьҭымхуа шакәу.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵоит афымцалашара аекономиа азуны рхы иадырхәаларц.

Иара убас шәаԥхьа ҟалоит: