Арадио

Аргәын "Ассир ҳамҭас" азы: ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа идырҵәыуо ыҟоуп

Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыц азы акциа "Ассир ҳамҭас" шымҩаԥысуа, иара убас ахәыҷқәа ирыҩуа асалам шәҟәқәа рҟны иззыҳәар ахәҭам арбану.
Sputnik
Аргәын "Ассир ҳамҭас" азы: ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа идырҵәыуо ыҟоуп

"Ҳажәлар рыбзоурала ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзеиҿаҳкаауеит. Уажәшьҭа ахыркәшарахь инеиуеит аҭаацәа рҟынтәи еизаҳго асалам шәҟәқәа. Ахәыҷқәа урҭ рҟны Аҵаа Бабаду изеиҭархәоит аҵара шырҵо, ирыҩуеит ажәеинраалаёкща, ааԥхьара ҟарҵоит ргәаҳәара наигӡарц, ҳамҭас хәмаргоума, маҭәа ԥхоума риҭарц. Ҳара ауаа ҳадҵаалоит, ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа иаҳа иргәаԥхо алхны иргоит, аҳамҭақәа аахәаны аусурахь иҳазнаргоит.

Ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа рҟны ахәмаргақәа ирыҳәоит, иара убас имаҷым аспорт маҭәа иаҳәо, уи агәахәара унаҭоит. Иҟалалоит араҟа аӡӷабцәа ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа ианрыԥхьо, рылаӷырӡқәа анаауа. Ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа рҟны аҳамҭа ҳашәҭ ҳәа мацара акәымкәа, убас еиҿкааны ирыҩуеит, угәы аҟынӡа инаугаратәы", - иҳәеит Аргәын.

Иара иазгәеиҭеит агәыҳалаларатә акциа "Ассир ҳамҭас" иҭагӡаны асалам шәҟәқәа зыҩуа ахәыҷқәа рҭаацәа агәҽанызаара шрырҭаз атехника иамыҳәарц.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.