"Ҳажәлар рыбзоурала ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзеиҿаҳкаауеит. Уажәшьҭа ахыркәшарахь инеиуеит аҭаацәа рҟынтәи еизаҳго асалам шәҟәқәа. Ахәыҷқәа урҭ рҟны Аҵаа Бабаду изеиҭархәоит аҵара шырҵо, ирыҩуеит ажәеинраалаёкща, ааԥхьара ҟарҵоит ргәаҳәара наигӡарц, ҳамҭас хәмаргоума, маҭәа ԥхоума риҭарц. Ҳара ауаа ҳадҵаалоит, ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа иаҳа иргәаԥхо алхны иргоит, аҳамҭақәа аахәаны аусурахь иҳазнаргоит.
Ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа рҟны ахәмаргақәа ирыҳәоит, иара убас имаҷым аспорт маҭәа иаҳәо, уи агәахәара унаҭоит. Иҟалалоит араҟа аӡӷабцәа ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа ианрыԥхьо, рылаӷырӡқәа анаауа. Ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа рҟны аҳамҭа ҳашәҭ ҳәа мацара акәымкәа, убас еиҿкааны ирыҩуеит, угәы аҟынӡа инаугаратәы", - иҳәеит Аргәын.
Иара иазгәеиҭеит агәыҳалаларатә акциа "Ассир ҳамҭас" иҭагӡаны асалам шәҟәқәа зыҩуа ахәыҷқәа рҭаацәа агәҽанызаара шрырҭаз атехника иамыҳәарц.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.