АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутат Асҭамыр Логәуа Жәларбжьаратәи апарламентбжьаратәи еимадарақәеи ҳџьынџьуаа рнырреи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩыс дҟалоит.
Логәуа икандидатура ықәыргыло, адепутат Левон Галустиан иазгәеиҭеит иара абри аусхк аҟны апрофессионалтә дырра ҳаракқәа шимоу.
"Иазгәасҭар сҭахуп Аԥсны аҩызцәеи адгылаҩцәеи еиҳа-еиҳа рҽышдырҭбаауа. Асҭамыр Логәуа жәларбжьаратәи аиҿкаара "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩызцәа рлига" аԥҵара аԥшьгаҩыс даман. Иара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит аконференциақәа, асеминарқәа", - иҳәеит Галустиан.
Маӡалатәи абжьыҭирала Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутат Асҭамыр Логәуа жәларбжьаратәи апарламентбжьаратәи еимадарақәеи ҳџьынџьуаа рнырреи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩыс иалхразы 29-ҩык адепутатцәа рыбжьы рҭиит, аӡәы даҿагылеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Аԥсны аҩызцәа рлига" Ҟрымтәи афорум азы: ҳинтересқәа адунеи иалаҳарҵәоит
Логәуа: ачынуаа рхашәалақәеи рхарџьқәеи рзы адекларациа ҟарҵалароуп