"Аԥсны аҩызцәа рлига" Ҟрымтәи афорум азы: ҳинтересқәа адунеи иалаҳарҵәоит

© Foto / Астамур Логуа"Ареспублика Ҟрым аҩызцәа V Жәларбжьаратәи рфорум"
Ареспублика Ҟрым аҩызцәа V Жәларбжьаратәи рфорум  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ареспублика Ҟрым аҩызцәа V Жәларбжьаратәи рфорум" мҩаԥысуан Иалта абҵара 7 - 9 рзы. Уи иалахәын аиҿкаара "Аԥсны аҩызцәа рлига".

АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахаҭарнакцәа "Ареспублика Ҟрым аҩызцәа V Жәларбжьаратәи рфорум" аҟны Индиеи Швеицариеи рхаҭарнакцәеи дареи аимадара рыбжьарҵеит ҳәа еиҭеиҳәеит Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аҩызцәа рлига" анапхгаҩы, Апарламент адепутат Асҭамыр Логәуа.

Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аҩызцәа рлигеи" Жәларбжьаратәи Ассоциациа "Ҟрым аҩызцәеи" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит нанҳәа 24 рзы. Логәуа иажәақәа рыла, ари аидеиа хықәкыс иамоу егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа рыҽрымадароуп, урҭ рыла Аԥсны аинтересқәа адунеиаҿ раларҵәаразы.

"Ҟрымтәи афорум аҿы Индиа ахаҭарнакцәеи ҳареи ҳаилацәажәеит 2020 шықәса алагамҭазы Аԥсны индиатәи аделегациа аҭаарц азы. Иара убасгьы ҳалацәажәеит Индиа ҳхаҭарнакра ааҳартырц азы, Аԥсны аинвестициа адԥхьалара азҵаарақәа", - ҳәа еиҭеиҳәоит Логәуа.

Иара убасгьы иалыршахеит Швеицариатәи абизнесуааи ауаажәларра-политикатә усзуҩцәеи руаӡәк инырра. Иара хара имгакәа Аԥсны даҭаараны дыҟоуп, ибизнес проектқәа ҳадигалоит урҭ ареспубликаҿы ԥхьаҟазы рынагӡаразы.

Афорум иатема хаданы иҟан жәлар рдипломатиа, иара ацхыраарала ҳтәылақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа иаша адунеи ауаажәларра рызнагара шалыршахо атәы.

Ҟрым - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: Аԥсныи Ҟрыми реизыҟазаашьа аҿиара ҿыц аиуит

"70-ҩык рҟынӡа асасцәа ыҟан адунеи атәылақәа жәпакы рҟынтәи. Дара ҟрымаа ридеиақәа рыцеиҩызшо роуп. Иҟан ЕАА, Австриа, Германиа, Индиа, Швеицариа, Ермантәыла рхаҭарнакцәагьы. Аиҳарак аполитикцәеи аекспертцәеи роуп иҟаз", - ҳәа еиҭеиҳәоит Логәуа.

Жәларбжьаратәи Ассоциациа "Ҟрым аҩызцәа" арегламент иалнаршоит афорумқәа Урыстәыла аҵакыраҿ еиԥш, анҭыҵгьы рымҩаԥгара.

Логәуа иажәақәа рыла, афорум ахыркәшаратә сессиаан ицәырган аԥхьаҟа уи амҩаԥгара иазыхиоу иарбан тәылоу ҳәа азҵаара.

"Ҳареи Ермантәылеи Израили рхаҭарнакцәеи иаҳҳәеит ари аус ҳшазыхиоу. Ҳаԥхьаҟа Аԥсны имҩаԥысыргьы алшоит ари аҩыза афорум. Макьаназ, 2020 шықәса рзы афорум мҩаԥгахоит Сербиа. Сгәы иаанагоит ҳаргьы уахь анаԥхьара ҳауп ҳәа", - азгәеиҭеит Логәуа.

Иара излеиԥхьаӡо ала, афорум Аԥсны имҩаԥысыр, уи иалнаршоит ауаа лабҿаба ҳҭагылазаашьа дырбара ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0