Аԥсуа қыҭа аԥсҭазаара: Ҷлоутәи анапҟаза Андрушька Џьапуа инхамҩа

Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аусзуҩцәа афилологиатә факультет астудентцәа алархәны ааигәа аекспедициа мҩаԥыргеит. Урҭ ирҭааит Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа инхо Андрушька Џьапуа иҭаацәара. Уаҟа ирбази ираҳази атәы ҳадылгалоит аекспедициа иалахәыз Есма Ҭодуа.
Sputnik

Есма Ҭодуа, Sputnik

Ақыҭа ԥсҭазаара анеилашуа аамҭазы, анхаҩы атәаха имамкәа дшыҟоугьы, аԥшәма, илакҭа агәыҭбаара аҵаны, "Бзиала шәаабеит!" ҳәа ҳаҳәо, иҩныҟа ҳаҩнеигалт. Аҩны уахьааҩналогьы, раԥхьаӡа улаԥш иааҵашәоит ижжаӡа еиқәу амца, аԥсуа хәышҭаара. Аҭӡамц икыду амшә ацәеи, аџьма атәыҩақәеи, акәахьча хылԥақәеи аԥсуа нхаҩ иколорит аадырԥшуеит. Сас дызгым ари аҩнаҭа аҭацагьы, лыԥҳа дналываргыланы, аԥсшәа анеибаҳҳәа ашьҭахь, рышьҭыбжьк умаҳаӡо акҿыҩра иныкҿалеит аԥшәмеи ҳареи ҳааизныжьны.

Аԥсуа қыҭа аԥсҭазаара: Ҷлоутәи анапҟаза Андрушька Џьапуа инхамҩа

80 шықәса ирҭагылоу Андрушька Џьапуа инысымҩа мариамызт. Иара ҩышықәса анихыҵуаз иаб Поло Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны аԥсадгьыл ду ахьчара ихы ақәиҵеит (1942 шықәсазы). Аха Поло иԥшәмаԥҳәыс урҭ рыхшара ак рыгмырхакәа илааӡеит. Ашкол данҭаз ашықәсқәа рзы акәзар, иара ихьӡеит аԥсуаа ақырҭуартәырц ианаҿыз аамҭа.

"Ақырҭуарагьы схьымӡеи, ааи. Ақырҭшәа ҳдыруазма, иалаҳдыраауази, арҵаҩы абас лаба дук слырҟаҵан, иаун абас, ани данҳазҵаалак, қырҭшәала аҭак аныҟаҳамҵалак, дахьтәаз дымгылаӡакәа, ани ллаба аашьҭыхны дҳасуан", – ҳәа игәалаиршәоит уи аамҭа Андрушька Џьапуа.

Иара иабду иҿиҵааит анапҟазара: уи инапала иҟаиҵоит акалаҭқәеи амҵәышәқәеи, иара убас аиаҳәақәа. Иазгәаҭатәуп, аиаҳәа аҟаҵара зылшоз рхыԥхьаӡара еснагь ишмаҷыз, иахьа акәзар, урҭ цәымзаркыла урышьҭазаргь, иузыԥшаауам.

Аԥсуа қыҭа аԥсҭазаара: Ҷлоутәи анапҟаза Андрушька Џьапуа инхамҩа

Аиаҳәа аныҟарҵоз аԥсҭа иҭаланы акәын ишыҟарҵоз. Ҳара ҳажәабжьҳәаҩ уи злихуа ахьацаҵла ауп. Аха аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аиҳарак инапы злаку акалаҭқәеи амҵәышәқәеи рыҟаҵара ауп. Иара ишҳаиҳәаз ала, калаҭк аҟаҵара хәбаҟа сааҭ дагоит.

Аԥсуа қыҭа аԥсҭазаара: Ҷлоутәи анапҟаза Андрушька Џьапуа инхамҩа

"Акалаҭ аныҟауҵо, ихадароу акалаҭ аҵа ауп, акалаҭ аҵа, ихагьежьааны. Аԥхьа убри ҟауҵароуп, нас арасамахәқәа рыла иԥаны иҟауҵоит. Амҵәышә аҿгьы убас: аԥхьа аҵыхәа ҟауҵоит, уи иаҳа иҵаруп, нас егьирахь инеихда-ааихдо. Уигьы арасамахәқәа рыла", – ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Аԥсуа қыҭа аԥсҭазаара: Ҷлоутәи анапҟаза Андрушька Џьапуа инхамҩа

Аицәажәара ҳшаҿыз иҳазгәамҭаӡакәа аԥацхаҿы џьмакгьы аиҿыхра иалагахьан.

Аԥсуа қыҭа аԥсҭазаара: Ҷлоутәи анапҟаза Андрушька Џьапуа инхамҩа

Ари аԥсуа ԥацха знык иныҩнашылаз адәылҵрагь иҭаххарымызт: ирыԥхны икнаҳау апырпыл ҟаԥшь уаркалеиуа, акакан ахәарҭа иҭаҵәахны иҭоу, арыӷьарахь ала аҳаҭақәа ачаҩыр зҭоу, насҭха асқам аҟаб дуқәа ықәуп.

Аԥсуа қыҭа аԥсҭазаара: Ҷлоутәи анапҟаза Андрушька Џьапуа инхамҩа

Ақыҭа агьамагьы анхаҩы иџьабаагьы абри асахьа мацаралагь иааԥшуеит. Жәытәнатә аахыс атрадициақәа еихаҳауа иаазго ари аҩнаҭа иагым арахә-ашәахәгьы, "зқьы ааӡаны, шәкы абна илазҵо" ҳәа ззырҳәо иреиуоуп, иахьатәи аамҭа иадкыланы уахәаԥшуазар.

Аԥсуа қыҭа аԥсҭазаара: Ҷлоутәи анапҟаза Андрушька Џьапуа инхамҩа

Аԥсаса зманы ашьха ихало ауаҩы, уа аангыларазы, ихш, ишә рҭыԥ ақәҵаразы, урҭ зҭаиҵәахша амаҭәарқәагьы имазароуп. Убас, ари аҩнаҭа иузаҟәымҭхо амаҭәарқәа иреиуоуп аҳаҭақәагьы.

"Аҳаҭа ауаса ацәа иалхны иҟарҵоит. Арасаҵәқәа ҭаргыланы алҩа иахакнауҳауеит. Уи аҷкәын иоуп иҟазҵо. Ажәытә хара ианныҟәоз, усҟан аҽқәа рыла акәымзи ишныҟәоз, уажәеиԥш амашьынақәа абаҟаз, аҳаҭа аҩы ҭаҭәангьы иааргон, аӡәы изааргозар, ԥсрак ҟалама, ак ҟалама, аҳаҭақәа наҟ-ааҟ ихшьны. Аҳаҭа ахш ҭарҭәоит, ачаҩыр ҟарҵоит", – ҳәа аҳаҭа иамоу ахархәара атәы ҳзеиҭаиҳәеит аԥшәма.

Аԥсуа қыҭа аԥсҭазаара: Ҷлоутәи анапҟаза Андрушька Џьапуа инхамҩа

Андрушька Џьапуа Анцәа ишиҳәара иҟоу дреиуоуп: уи хәҩык ахшареи жәаҩаҩык амоҭацәеи имоуп. Иара ихшарагьы, шьҭа ишыхәыҷқәамгьы, аиҳабы иажәа ишахымԥо, ишазыӡырҩуа убоит. Инапҟазарақәа инарҷыдангьы, уи алафҳәарагьы бзиа ибоит. Аԥшәмаԥҳәыс илырхиаз аишәахь ҳаниасгьы, уи иажәабжьҳәара нҵәаӡомызт…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: