Агара, напылақәҵара ампахьшьқәа, акыдыршәылақәа: џьырхәатәи ажәытәра аҭынха

© Sputnik Гунда Еныкь-ГабниаЏьырхәатәи ашкол аҟны ажәытә аԥсуа напкымҭақәа руада
Џьырхәатәи ашкол аҟны ажәытә аԥсуа напкымҭақәа руада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қь. Ҳә. Агрба ихьӡ зху Џьырхәатәи абжьаратә школ аҟны арҵаҩы-ааӡаҩ Гәында Еныкь-Габниа еиҿкааны илымоуп аԥсуара иазку ауада. Ахәыҷқәа рыблала ирбартә алшара рымоуп аԥсуа инхара-нҵыра иадҳәалоу акыр шықәса зхыҵуа амаҭәарқәа. Урҭ рҭоурых атәы Есма Ҭодуа лматериал аҟны.

Уԥхӡаша злоу аус

Қь. Ҳә. Агрба ихьӡ зху Џьырхәатәи абжьаратә школ излаҽхәаша амоуп. Ашкол арҵаҩцәа рааӡаҩцәа аҵарадырра рызнагара анаҩс, аԥсуаа рҵас, рқьабзқәагьы рыларааӡоит. Ахәыҷқәа рыблала ирбартә алшара рымоуп аԥсуа инхара-нҵыра иадҳәалоу акыр шықәса зхыҵуа амаҭәарқәа. Урҭ зегьы еизган дара ақыҭауаа рҟынтәи. Џьырхәа ақыҭа анхацәа иарбан усзаалакгьы аҟны еснагь аидгылара аадырԥшуеит.

Назырбей Габния - Sputnik Аҧсны
Иажәа ажәан, ииҳәаз ҳәан: арҵаҩы Назырбеи Габниа игәаларшәаразы

Убас ақыҭауаа реидгылара абзоуралоуп Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ашкол аиҭашьақәыргылара шзалыршахазгьы. Џьырхәаа ишазгәарҭо ала, уи аҟны иџьабаа рацәан ааигәа зыдунеи зыԥсахыз акыр шықәса ари ашкол директорс иамаз Назырбеи Габниа.

"Раԥхьаӡа аусура саналагоз ашкол ҟаҵаӡамызт, аусҳәарҭаҟны уадақәак ҳаман, уаагьы даара иаҳцәыуадаҩын, бжьышықәса амалаҳәагьы аус аауит. Иҳахәоз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡамызт, ҳдиректор даара аџьабаа ибеит, ҳаргьы мап ицәымкӡакәаны, 1997-тәи ашықәс азы аусура салагеит, аҿыц ахь ҳаиасит 2005 шықәсазы. Убраанӡа убра ҳаҟан. Убри ашкол ҳнапала иҟаҳҵеит. Аус ҳуит ҳаивагыланы, аусуцәагьы мгаӡакәа, дара анхацәа рџьабаала иҟарҵеит. Иара адиректор абри ҟаҳҵароуп ҳәа имахәҿа еилых дангыла, зегь ивагылеит", – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит ари ашкол аҟны рҵаҩыс аус зуа Гәында Еныкь-Габниа. 

© Sputnik Гунда Еныкь_габниаЏьырхәа ашкол аԥсуа рмаҭәарқәа ауадаҟны ицәыргақәҵоуп ақыҭауаа ржәытә напкымҭақәа
Агара, напылақәҵара ампахьшьқәа, акыдыршәылақәа: џьырхәатәи ажәытәра аҭынха - Sputnik Аҧсны
Џьырхәа ашкол аԥсуа рмаҭәарқәа ауадаҟны ицәыргақәҵоуп ақыҭауаа ржәытә напкымҭақәа

Гәында Еныкь-Габниа лзанааҭ бзиа ибаны дшазнеиуа убоит. Лара лнапалагьы ақыҭауаа рҟны еизылгоит аԥсуара иазку ауада аиҿкааразы еиуеиԥшымыз амаҭәарқәа. Урҭ цәыргақәҵоуп ари ашкол аҟны.

Агара, ампахьшьқәа, астолқәыршәқәа

Ицәыргақәҵоу амаҭәарқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 200 шықәса зхыҵуа аԥсуа гара.

© Sputnik Гунда Еныкь-Габниа200 шықәса зхыҵуа, акыр абиԥарақәа зааӡаз аԥсуа гара
Агара, напылақәҵара ампахьшьқәа, акыдыршәылақәа: џьырхәатәи ажәытәра аҭынха - Sputnik Аҧсны
200 шықәса зхыҵуа, акыр абиԥарақәа зааӡаз аԥсуа гара

Гәында Еныкь-Габниа ишаҳзеиҭалҳәаз ала, ари агара лара лабхәа дзааӡахьаз акәын. Иара раҳәшьа ду Шамониа Быҭәба-Габниа лтәакәын. Лара Гәында лхәыҷқәагьы абри агаралоуп ишылааӡаз. Ҳаицәажәараан илгәалашәеит лхәыҷы данырныҳәоз аҟынтәи аепизодкгьы.

"Ҳара ҳуада аҩбатәи аихагылаҟны акәын, аӡӷаб данырныҳәоз, абри агара дышгараз дышьҭыхны, уигьы са ишьҭысхыр ҟалаӡом, аҷкәынгьы ишьҭихыр ҟалаӡом, аӡӷаб лоуп ишьҭызхша, аныҳәаҩ (Арда Смыр-Габниа. – Е. Ҭ.), лмоҭа длыманы дааит, исгәалашәоит иахьеиԥшҵәҟьа, ахәыҷы агара дышгараз, даҵаланы ахәыҷы луадахь дыхәнаны, дыргыланы, убра дылныҳәеит. Убри сгәалашәоит ибзианы", – ҳәа ҳалҳәеит лара.

Иара убас араҟа ицәыргақәҵоуп напыла иқәҵоу ԥшькәакьк, х-кәакьк змоу ампахьшьқәа, астолқәыршәқәа. Урҭ ианлааз лнапала иҟалҵахьан Надушьа Габниа.

© Sputnik Гунда Еныкь -Габнианапылақәҵара акыдыршәыла
напылақәҵара акыдыршәыла - Sputnik Аҧсны
1/5
напылақәҵара акыдыршәыла
© Sputnik Гунда Еныкь-Габнианапылақәҵара астолқәыршә
напылақәҵара астолқәыршә - Sputnik Аҧсны
2/5
напылақәҵара астолқәыршә
© Sputnik Гунда Еныкь-Габнианапылақәҵара астолқәыршә
напылақәҵара астолқәыршә - Sputnik Аҧсны
3/5
напылақәҵара астолқәыршә
© Sputnik Гунда Еныкь-Габнианапылақәҵара астолқәыршә
напылақәҵара астолқәыршә - Sputnik Аҧсны
4/5
напылақәҵара астолқәыршә
© Sputnik Гунда Еныкь-Габнианапылақәҵара ампахьшьы
напылақәҵара ампахьшьы - Sputnik Аҧсны
5/5
напылақәҵара ампахьшьы
1/5
напылақәҵара акыдыршәыла
2/5
напылақәҵара астолқәыршә
3/5
напылақәҵара астолқәыршә
4/5
напылақәҵара астолқәыршә
5/5
напылақәҵара ампахьшьы

Лара лхаҭа, ишеиҭарҳәоз ала хаҵамԥҳәыск лакәын, аҽықәтәара лдыруан, лажәа џьбаран, соуп зҳәоз ахаҵа длырԥхашьар ауан. Надушьа лыҟазшьа иахҟьаны лааигәа анеира ззыгәаӷьуаз маҷын, лҳәара инеиуазгьы ырԥхашьан илыргьежьуан. Аха убри аан, аԥҳәыс ус лыцәтәыммызт, уи аԥсуа маҭәа лӡахуан, ауапа лсуан, дықәҵон. Ачарақәа раан Надушьа лнапала иқәҵаны иҟалҵоз ампахьшьқәа аӡәырҩы рҽы ахәдақәа дырԥшӡахьан. Уи лнапкымҭақәа еиқәдырхеит, иахьауажәраанӡагьы пату ақәҵаны иршьоит лара лҭынхацәа.

© Sputnik Гунда Еныкь-ГабниаНапылақәҵара ампахьшьқәа хәы змаӡам ҭынхоуп
Агара, напылақәҵара ампахьшьқәа, акыдыршәылақәа: џьырхәатәи ажәытәра аҭынха - Sputnik Аҧсны
Напылақәҵара ампахьшьқәа хәы змаӡам ҭынхоуп

Џьырхәа анхацәа зхатә џьабаала анхара иашьцыло уаауп, урҭ ани ҳамам, ма ари ҳамам ҳәа иашшуа иреиуам, ишәыгыу, ишәзымхо кры ыҟоума ҳәа санразҵаа, "зегь рыла ҳабзиоуп, ҳамҩа ҟарҵеит ҵыԥхцәа, аӡы Хәаԥынтәи иаҳзылбаауеит, абри алашара маҷк ианеилахәо ыҟоуп, аха ҳҵаҩцәа рҭаацәа уажәнатә амҿы аагара иалагахьеит, ҳакласс ауадақәа амца еиқәҵаны иҳарԥхоит", – ҳәа сарҳәеит.

Иара убас, ирхамышҭыкәагьы иазгәарҭоит, ашкол ҿыц аартраан ахаҵгылара рызҭаз усҟан Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡоз Рауль Ҳаџьымбеи усҟантәи аҵара аминистр Ҭали Џьапуаԥҳаи. Ажәакала, еснагь "Анцәа, Анцәа" ҳәа акәымкәа, "уаргьы унапы уҟьароуп" ҳәа ихәыцуа уаауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0