"Ашықәсаз иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" ԥхынҷкәын 25 рзы далыркаауеит

Аконкурс алахәхаразы азыҳәақәа рыдкылара иалагеит ԥхынҷкәын 16 рзы. Имҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 18 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. "Ашықәсаз иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" ԥхынҷкәын 25 рзы далыркаауеит ҳәа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа.

Ратиа: ахәыҷы иҭихуа асахьа аду изҭыхуам, адунеи даҽа блак ала иахьибо аҟынтә

Аконкурс алахәхаразы азыҳәақәа рыдкылара хдыртит ԥхынҷкәын 16 рзы. Имҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 18 рҟынӡа.

"Азыҳәақәа рыдкылара ԥхынҷкәын 18 рзы ихҳаркәшоит, ԥхынҷкәын 19 рзы асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәылацәа быжьҩык иалыркаараны иҟоуп афинал ахь инеиуа аусумҭақәа. Арҭ аусумҭақәа ықәыргылахоит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы ԥхынҷкәын 25 рзы", - иҳәоит Витали Џьениа.

Иаиааиз ихьӡ рылаҳәахоит ԥхынҷкәын 25 рзы.

Ари ауснагӡатә Аԥсны акультура аминистрреи асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи еицымҩаԥыргоит 2002 шықәса раахыс.

2018 шықәса рзы иреиӷьу ҳәа ихьӡ ҳәан Баҭал Џьапуа.