АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Аладатәи арратә округ иатәу аурыс арратә база аԥшыхәыҩцәа ирбеит, иагьықәырхит Аԥсны ашьхарақәа рҿы иҵәахыз "аӷа" иҭыԥқәа, атҟәацәа ргеит, иргеит аҵакы зманы иҟоу аштабтә документқәа. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
"Аӷа" иԥшаара абзоурахеит аԥшыхәратә постқәеи, ацәҟьақәеи, қәҿиарала имҩаԥыргаз ахаԥраарақәеи ирыбзоураны. Иҵәахыз атехникеи аршьаҟауааи рықәхразы рхы иадырхәеит анаҩстәи абџьар: БТР-82АМ, ашәақьқәа "Винторез", апулемиотқәа "Печенег", автоматқәа АК-74.
Арратә ҽазыҟаҵарақәа аполигон "Ҵабал" аҟны имҩаԥысуан аԥышәа змоу азыҟаҵаҩцәа рнапхгарала. Рхы иадырхәон ҳаамҭа иақәшәо атехникатә хархәагақәа, иаҳҳәап аԥшыхәреи, анапхгараҭареи, аимадареи рзы иеиҭаҵуа акомплексқәа.
Аҭагылазаашьа иҟалаҵәҟьар зылшо аҭагылазаашьа азааигәатәразы рхы иадырхәеит аимитациатә рҭҟәацгақәа ИМ-120, еиҵаҵамыз апатронақәа.
Зынӡа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 500-ҩык аруаа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа 40 еиндаҭлара рҟны аиааира ргахьеит
Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруаа "атеррористцәа" ржәылара ааныркылеит