Витали Мутко Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет даҭан

Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Витали Мутко зхадараҿы дыҟоу Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа Аԥсны иааны иҟоуп. Ахашаҽны, ԥхынҷкәын 18 рзы имҩаԥысит жәаатәи апленартә еилатәара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Витали Мутко ԥхынҷкәын 18 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет даҭан ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳаит Sputnik акорреспондент.

Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Витали Мутко зхадараҿы дыҟоу Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа рделегациа идикылеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа. Ауниверситет азал хадаҿы дара напеинҟьарыла ирԥылеит астудентцәа. Аиԥылара далахәын Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба.

Алеко Гәарамиа инаҵшьны иазгәеиҭеит асеиԥш аиԥыларақәа хра рыманы ишыҟоу. Иара асасцәа ирзеиҭеиҳәеит ауниверситет аҭоурых, аушьҭымҭацәа рылшарақәеи рықәҿиарақәеи.

Витали Мутко астудентцәа ирзеиҭеиҳәеит амш акыр ишхаҭәааз, аха арахь, акадрқәа ахьеиҵарааӡо ааира ахәҭаны ишиԥхьаӡаз.

Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәарақәа мҩаԥысуеит инеиҭак-ааиҭакны: зны - Аԥсны, зны - Урыстәыла. Аԥхьатәи аилатәара мҩаԥган 2010 шықәса рзы, Москва.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: