Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дауҭиа иҳәеит Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә комиссиа ахаҭарнакцәа Афон ҿыц ишаҭааз

© Фото : new-athos.cityФеликс Даутия
Феликс Даутия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афон ҿыц ақалақь ахада Феликс Дауҭиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа ақалақь раҭаара атәы.
Дауҭиа Мутко Афон ҿыц иаҭааразы: ҳақалақь игәаԥхеит

"Афон акомплекстә план инақәыршәаны ахәыҷбаҳча ҿыц аргылара цоит, 100-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа зкуа. Аргылрақәа ирылагеит 2017 шықәса рзы. Иахьа акомиссиа иааны игәарҭеит, иагыз акык-ҩбак атәы рҳәеит. Сгәы иаанагоит ашықәс ҿыцтәи аԥсшьарамшқәа рышьҭахь ахәыҷқәа ҳадаҳкыларатә еиԥш аҭагылазаашьа ҟалоит ҳәа. Урыстәыла аиҳабыра ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Мутко Афон ҿыц далсит, игәаԥхеит ақалақь, амшын аҟәараҿы дылбааны игәеиҭеит аҭагылазаашьа. Еиҭа ақалақь уадаҩрас иамоу ҳәа данҳазҵаа, изеиҭеиҳәеит аӡымҩангагақәеи аканализациақәеи рыԥсахра аҭахны ишыҟоу атәы. Ари азҵаара атәыла аиҳабыра рҟынӡа инаҳгахьеит, апроект аус адулара макьана ицоит, сгәы иаанагоит уи аганахьала адгылара ҳауп ҳәа", - азгәеиҭеит Дауҭиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0