Арадио

Ҳашԥҳа Ашықәс ҿыцазтәи анаплыхқәа рцәыргақәҵазы: иалахәхо ҳхыԥхьаӡара есышықәса иацлоит

Анаплыхқәа рҟазацәа рцәыргақәҵа зхы алазырхәуа Асҭанда Ҳашԥҳа еиҭалҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны уи аҭааҩцәа ирыдыргало атәы.
Sputnik

Анаплыхқәа рҟазацәа Ашықәс ҿыцазтәи рцәыргақәҵа "Агәырӷьара ҳамҭас еицыҟаҳҵап" мҩаԥыргоит Аҟәа Арӡынба имҩаду аҟны иҟоу ахәаахәҭратә ҩны "Националь" ахыбраҿы ԥхынҷкәын 21-22 рзы.

Ҳашԥҳа Ашықәс ҿыцазтәи анаплыхқәа рцәыргақәҵазы: иалахәхо ҳхыԥхьаӡара есышықәса иацлоит

"Сынтәа еиҿкаау асеиԥш аџьармыкьа шьҭа хԥа-ԥшьба шықәса ҵуеит Ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалазы имҩаԥыргоижьҭеи. Уаҟа еиуеиԥшым анаплыхқәа цәырыргоит: амҿлых, афетр ҳәа абахкы иалху акьанџьақәа, апластилин ала иҟаҵоу ахәмаргақәа, еиуеиԥшым амаҭәархқәа ирылху аныҳәазы арԥшӡагақәа. Иугәаԥхаз зегьы ааухәар ҟалоит. Ахәқәа ракәзар, анаплых зеиԥшроу еиԥш ауп, иҟоуп 20 мааҭ инаркны 2-3 нызқь мааҭ рҟынӡа зыхшәаатәу", - лҳәеит Ҳашԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.