Анаплыхқәа рҟазацәа Ашықәс ҿыцазтәи рцәыргақәҵа "Агәырӷьара ҳамҭас еицыҟаҳҵап" мҩаԥыргоит Аҟәа Арӡынба имҩаду аҟны иҟоу ахәаахәҭратә ҩны "Националь" ахыбраҿы ԥхынҷкәын 21-22 рзы.
Ҳашԥҳа Ашықәс ҿыцазтәи анаплыхқәа рцәыргақәҵазы: иалахәу ҳхыԥхьаӡара есышықәса иацлоит
"Сынтәа еиҿкаау асеиԥш аџьармыкьа шьҭа хԥа-ԥшьба шықәса ҵуеит Ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалазы имҩаԥыргоижьҭеи. Уаҟа еиуеиԥшым анаплыхқәа цәырыргоит: амҿлых, афетр ҳәа абахкы иалху акьанџьақәа, апластилин ала иҟаҵоу ахәмаргақәа, еиуеиԥшым амаҭәархқәа ирылху аныҳәазы арԥшӡагақәа. Иугәаԥхаз зегьы ааухәар ҟалоит. Ахәқәа ракәзар, анаплых зеиԥшроу еиԥш ауп, иҟоуп 20 мааҭ инаркны 2-3 нызқь мааҭ рҟынӡа зыхшәаатәу", - лҳәеит Ҳашԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.