Џьыкырԥҳа аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ааразы: Аԥсны азакәан аус ауроуп
© Sputnik
"…Ҳара, хымԥада, иаҳуалуп Аԥсныҟа иаауа ҳашьцәа рыхьчара. Иахьа ак ҳҳәоит, уаҵәы даҽакы ҟаҳҵоит. Арепатриант знык данужьа, дара–дара ажәабжь еибырҳәоит. Зегьы ирзышьҭхӡом араатәи ауадаҩрақәа. Уа иахьрызҳаз атәылақәа рҟны азакәан иашьцылоуп, дара сшәыхьча ҳәа инеиӡом аҳәынҭқаррахь, иамуашәа ианырбо, иқәҵны ицоит. Убри аҟынтә аҳәынҭқарраҟны азакәан аус ауроуп. Шаҟаҩы Аԥсныҟа иаҳзырхынҳәуа ҳауаажәлар, убриаҟара ҳаӷәӷәахоит, аха рыцҳарас иҟалаз, аиҳараҩык ус ихәыцӡом", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.