Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьыкырԥҳа аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ааразы: Аԥсны азакәан аус ауроуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГәыгәыца Џьыкырԥҳа
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иарбан уадаҩрақәоу Аԥсны ирԥыло зыԥсадгьыл ахь нхара ихынҳәыз? Урҭ ирызку аҳәынҭқарратә программа рҭоурых дгьыл рашьцылара иацу ауадаҩрақәа замӡбои? Арҭқәа арадио Sputnik аҿы дрыхцәажәеит Арепатриациазы аминистр ихаҭыԥуаҩыс иҟаз, ауаажәларратә усзуҩ Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Џьыкырԥҳа аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара аара азҵаара иазкны

"…Ҳара, хымԥада, иаҳуалуп Аԥсныҟа иаауа ҳашьцәа рыхьчара. Иахьа ак ҳҳәоит, уаҵәы даҽакы ҟаҳҵоит. Арепатриант знык данужьа, дара–дара ажәабжь еибырҳәоит. Зегьы ирзышьҭхӡом араатәи ауадаҩрақәа. Уа иахьрызҳаз атәылақәа рҟны азакәан иашьцылоуп, дара сшәыхьча ҳәа инеиӡом аҳәынҭқаррахь, иамуашәа ианырбо, иқәҵны ицоит. Убри аҟынтә аҳәынҭқарраҟны азакәан аус ауроуп. Шаҟаҩы Аԥсныҟа иаҳзырхынҳәуа ҳауаажәлар, убриаҟара ҳаӷәӷәахоит, аха рыцҳарас иҟалаз, аиҳараҩык ус ихәыцӡом", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0