Ашықәс ҿыц ааира асимвол хада: аԥсаӡ арԥшӡаразы сынтәатәи атенденциақәа

Ҳашҭа иҭаларц акгьы агым 2020 шықәса. Зегь зызхәыцуа аныҳәаз рыҩны-ргәара шдырԥшӡашоуп. Аԥсны аҳҭнықалақь аныҳәа аҽазыҟанаҵоит. Еилыхароуп. Зегьы ирҭахуп рыҩнқәа ирыҩнагылазарц еилаарцыруа аԥсаӡ ссирқәа. Ирхиазарц еиуеиԥшым хәмаргала.
Sputnik

Адәқьанқәеи аџьармыкьақәеи уи иазыхиоижьҭеи акрааҵуеит. Авитринақәа дырԥшӡоит китаитәии ҭырқәтәылатәии аныҳәатә аалыҵ – асыуаа, аеҵәақәа, ахәмаргақәа. Иара убри аан Аԥсны иҟоуп аҭыԥантәи анапкымҭақәагьы. Сынтәа имодоуп аҳәынаԥԥшшәи араӡынԥшшәи.

Ҳашыгԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа Ашықәс ҿыц аныҳәаз еиҿкаахо атәы

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Уаанӡа аԥсаӡ зырԥшӡоз ахәмаргақәа шәгәы дырҿыӷьзар, ма аҽакала аԥсаӡ шәырхиарц шәҭахызар, адәқьанқәа рахь шәҽи-шәкәадыри еиқәҵаны шәдәықәла. Ԥхынҷкәын иаалагазар, аҟәатәи адәқьанқәа еиуеиԥшым ассортимент шәыдыргалоит.

Аҭиҩы Оксана лажәақәа рыла, сынтәа еиҳа иргәаԥханы аԥсаӡ азы иаархәо асаркьалых хәмаргақәа роуп. Рыхәԥса 20 - 500 мааҭ ирыбжьаркуеит. Ахәԥса аиԥшымзаара зыхҟьо дара злыху аматериал ауп.

"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы бзиа ибаны иаархәон аҵарақәа, ашәҭқәа. Сынтәа амода иазыхынҳәит асаркьалых хәмаргақәа", - лҳәоит аҭиҩы.

Аԥштәы аганахьала ԥшшәыс иҟоу зегь модоуп. Аахәаҩцәа еиҳа бзиа ибаны иаархәоит ԥшшәык иаҵанакуа ахәмаргақәа.

Ашықәс ҿыц ааиаанӡа изыхьӡатәу аусқәа

Шықәсқәак раԥхьа аԥсаӡ ацәқәа еҵәала ихдыркәшозар, уажәы уи азы абант дуқәа аархәоит.

Аԥсаӡ еилаарцырларц азы ихымԥадоуп агирлиандақәа. Урҭ рыхәԥса 250 - 1500 мааҭ ирыбжьаркуеит.

Адәқьанқәа рыҵалара аамҭа шәымамзар, ацхыраара руеит аинтернет-дәқьанқәа Instagram аҟны. Ара афабрикақәа рҿы иҭрыжьыз реиԥш зеиԥш ыҟам анапылаҟаҵаратә хәмаргақәагьы шәыдыргалоит.

Зны-зынла рыхәԥсагьы адәқьан аҿы аасҭа имариоуп.

Абар, жәа-шықәса ирықәуп Аҟәатәи астудиа "Артель" асаркьа иалхны аԥсаӡ азы ахәмаргақәа ҟарҵоижьҭеи. Ара шәара ишәылшоит шәгәы иаҭаху ахәмаргақәа ҿашәҵарц. Иҟалоит шәара иалышәхуа ахәмарга аҽаџьара ишәԥымларгьы. Зегь раасҭа имариоу 250 мааҭ иаԥсоуп, иреиҳау – 500 мааҭ.