Ашықәс ҿыц ааиаанӡа изыхьӡатәу аусқәа

CC0 / / Календарь
Календарь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны акорреспондент еиҭалҳәоит 2020 шықәса ааиаанӡа изыхьӡатәны иҟоу аусқәа ртәы.

Ашықәс ҿыц аҟынӡа иаанхеит мышқәак. 2019 шықәса "абзиараз" ҳәа аҳәо, 2020 шықәса аҭаларанӡа иҟоуп изыхьӡатәу усқәак. Абар даргьы.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Аҩны еилырганы ажә-мыжә акажьра

Ашықәс анҵәамҭаз иуҭахымхаша ажә-мыжә мап ацәукыр еиӷьуп. Иҟоуп зкажьра уҭахымгьы, аха уи анулурша, иааиуа ашықәс аҩнуҵҟа ацынхәра ҿыцӡа иааухәоит, угәгьы ҟанаҵоит.

Ашықәс ҿыц ауха ауаажәларратә транспорт еиԥҟьарада иныҟәоит - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыц ауха ауаажәларратә транспорт еиԥҟьарада иныҟәоит

Аҩнеилыргара акәзар, жәытә-натә аахыс иазырыԥхьаӡоит ицқьаӡа, илашаӡа иҟоу аҩнраҿы иузааиуа ахәыцрақәагьы лашахоит ҳәа. Издыруада, аҩнеилыргараан маӡа ҭаҵәахк умԥыхьашәаргьы. Уигьы гәырӷьарами?

Аспортзал ахь аныҟәара алагара ма укапан агырхара

12 мза ирҭагӡаны есшәахьа "исыгсырхоит" ҳәа уҳәозар, аха уеихьымӡазар, абыржәыҵәҟьа, аныҳәа аламҭалазы аспортзал ахь абонемент ааухәар ҟалоит. Издыруада?..

Аныҳәатә чыс заанаҵ аиҿкаашьа азхәыцра, уи алагьы усасцәа рыршанхара

Ашықәс ҿыц аламҭалаз агәаранқәа рықәгылара уқәымшәарц, заанаҵы уазхәыцроуп уи аухаз иҟауҵаша, иааухәароуп излухша. Аинтернет-блогерцәа рдаҟьақәа абра иухәарҭахар ҟалоит. Урҭ иудыргалоит асасцәа зыршанхаша ахаа-мыхаа рацәаны.

Ашықәс ҿыц аламҭалазтәи ахәқәа ркаҳара ухаумыршҭын

Ашықәс ҿыц агәаҳәара узҭо иреиуоуп адәқьанқәа рҟны абарҭ аамҭақәа рзы еиҿыркаауа рыхә ларҟәны аҭирақәа. Уаанӡа узвагьежьуаз, аха зыхәԥса уадзымԥхьалоз ашәҵатәы ԥшӡа уажәы 30 ма 50% ахә иагырханы ирҭиуазар ҟалоит. Мҩамш адәқьан ахь.

Ель - Sputnik Аҧсны
Аԥсаҵлақәеи амзақәеи ашықәс ҿыц азы рыԥҟара азин ҟарҵом

Уаанӡа иузымгәаӷьуаз угәаӷьыр…

Ашықәс зегьы ныҟәара амҩа уқәларц уҭахызар, апарашиут ала аԥара угәаҳәозар, ма Еверест ацәқәахь ухаларц угәы иҭазар – абыржәыҵәҟьа зеӷьыҟамоуп. Инагӡа угәаҳәарақәа зегьы.

Ууалқәа урыҵыҵ

Ашықәс ҿыц ауал уқәны аҭалара ҵасым ҳәа ирыԥхьаӡоит. Иугәаларшәа иухашҭхьоу ууалқәа. Иҟалоит зуал уқәу ҽаангьы еиҭах уалҳәараҳәа урызнеир ада ԥсыхәа умамкәа уеиҭаҟалар.

Аҳамҭақәа ухаумыршҭын

Аҵаа бабаду имакәан иазымкыр ҟалоит аҳамҭақәа зегьы. Уицхраа. Иаахә уаргьы аҳамҭақәа. Заанаҵы ухәыц,иалыԥшаа дасу инаалаша. Гәыкала аҳамҭа аныҟауҵо уара иуоуагьы гәыкала иурҭоит.

Аныҳәатә џьашьахәқәа: ахәыҷқәа рзы атеатрқәа еиҿыркаауа аспектакльқәа - Sputnik Аҧсны
Аныҳәатә џьашьахәқәа: ахәыҷқәа рзы атеатрқәа еиҿыркаауа аспектакльқәа

Ашықәс ҿыц иазку акиносахьақәа уеиҭарыхәаԥш

Аныҳәатә гәалаҟазаара аиуразы уеиҭарыхәаԥшыр ҟалоит аныҳәатә ҟазшьа змоу акиносахьақәа. Урҭ рыгәҭа иҟоуп улаӷырӡ ааргартә узырччаша афильмқәа, уагьзырхәыцша.

Ԥсшьара уцар уҭахызар?

Ашықәс ҿыц аныҳәамшқәа унхьаԥшны уаахьаԥшаанӡа иниасуеит. Нас, аусура аҳра аго иалагоит. Нас иҟамлои атурфирмақәа иудыргало апутиовкақәа хырҩа рыҭаны амҩа уқәлар?!

Аихшьаалақәа ҟаҵаны ԥхьаҟатәи апланқәа урызхәыц

Ииасуа ашықәс алагамҭазы иазԥхьагәашәҭаз зегь нашәыгӡама? Ишәзынагӡазар - абзиа, ишәзынамыгӡазаргьы, хьаас иҟашәымҵан. Ишәхәыц ахықәк ҿыцқәа. Издыруада, урҭ хымԥада иҟалар?!..

Ажәабжьқәа зегьы
0