Аԥснытәи атхеквондистцәа жәаха медал ранашьахеит

7-10 шықәса зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара тхеквондо азы афестиваль мҩаԥысит Шәача, ԥхынҷкәын 21 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи атхеквондистцәа 7-10 шықәса зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара тхеквондо азы афестиваль аҟны жәаха медал ранашьахеит ҳәа Sputnik иазааицҳаит азыҟаҵаҩ Ҭимур Барцыц.

Аԥснытәи атхеквондистцәа жәаха медал ранашьахеит

Иара иажәақәа рыла ҳаспортсменцәа ахьтәы медалқәа хәбеи аџьазлыхқәа хԥеи роуит спарринг аҿы, иара убасгьы актәи аҭыԥқәа хәба ргеит аформалтә баҩырҵәыраҿы.

"Аицлабрақәа реиҿкаара аҩаӡара ҳарак аман. Иалахәыз зегьы акыр иӷәӷәан, зегьы аиааира иазыхиан, иагьырҭахын. Ҳаспортсменцәа рылшарақәа зегь аадырԥшит", - иҳәеит Барцыц.

Иара убасгьы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит тхеквондо азы Аԥсны Афедерациа ахада Оҭар Гогәуа ицхырааразы.

7-10 шықәса зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара тхеквондо азы афестиваль мҩаԥысит Шәача, ԥхынҷкәын 21 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: