Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа аҳамҭақәа роуит

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" есышықәсатәи акциа "Уҵаа Бабадуха" мҩаԥысит РУСДРАМ аҟны ԥхынҷкәын 27 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 -Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" есышықәсатәи акциа "Уҵаа Бабадуха" аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳамҭақәа рызшан Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа.

Афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла сынтәа шәҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа аҳамҭақәа рыҭан. Урҭ зегьы Аҵаа Бабаду асаламшәҟәқәа изынарышьҭхьан.

"Аиҳарак ахәыҷқәа зҳәоз ахәмаргақәа роуп. Иҟоуп изымцәажәо ма ибзианы измаҳауа ахәыҷқәа. Урҭ рҭаацәа арҿиарара-цхыраагӡатә хәмаргақәа рыздырхиеит. Ахәыҷқәа рҭахрақәа еиқәдыршәеит ҳтәылауаа. Арахь изымааиуа ахәыҷқәа рахь хықәкыла инеиуеит Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи", - лҳәеит лара.

Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи аҳамҭақәа ршон РУСДРАМ афоие аҿы. Ахәыҷқәа ажәеинраалақәа ирыԥхьон, ашәақәа рҳәон, Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи ирывагыланы рфотосахьақәа ҭырхуан.

Мактина Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит сынтәа ишалыршахаз 67-ҩык ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара, ишеизгаз 10,5 миллион мааҭ. Уи ҵыԥх аасҭа 3,5 миллион рыла еиҳауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: