Акәашарақәеи агәыҳалалреи: ансамбль "Ерцахә" афонд "Ашана" иацхраауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЮбилейный концерт ансамбля "Эрцаху"
Юбилейный концерт ансамбля Эрцаху - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 12 асааҭ 11:00 рзы Sputnik амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысит афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рыцхырааразы ансамбль "Ерцахә" имҩаԥнагараны иҟоу агәыҳалалратә концерт иазку апресс-конференциа.

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ансамбль имҩаԥнаго агәыҳалалратә концерт иаанашьҭуа аԥарақәа азкхоит афонд "Ашана" зыцхраауа Сабина Ԥачлиаԥҳа лыхәышәтәра. Абри атәы апресс-конференциаҿы илҳәеит Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

Ансамбль Ерцахә - Sputnik Аҧсны
Афонд "Ашана" акциа "Аԥсҭазаара еицаҳахьчап" мҩаԥгахоит Аҳәынҭфилармониаҿы

Сабина Ԥачлиаԥҳа скалиоз лымоуп. Лара аамҭа мгакәа аоперациа лзутәуп. Лара лыхәышәтәреи аихаҵәқәа лцәеижь аларгылареи 700 000 мааҭ аҭахуп.

"Ахәаԥшыҩцәа макьаназ активра аадырԥшуам, абилеҭқәа рыхәԥса рацәак ишдумгьы. Ҳгәыӷуеит макьана ауаа раахәаралшара ҟалап ҳәа" - лҳәоит Џьынџьалԥҳа.

Аконцерт апрограммаҿ иҟалоит аԥсуа милаҭтә кәашарақәа, Кавказ ажәларқәа рыкәашарақәа. Ансамбль "Ерцахә" асахьаркыратә напхгаҩы Вианор Логәуа иажәақәа рыла ахәаԥшыҩцәа ирыдгалахоит ақәыргыламҭа ҿыцқәагьы: "Нарҭаа рыкәашара", "Ашамҭа", ҵабалаа рыҭауадцәа рыкәашара.

"Ҳара ари аҩыза акциа амҩаԥгара уаанӡагьы ҳгәы иҭан, аха иаҳзалмыршеит. Уажәы Очамчыра араион ахадарагьы ацхыраара ҳарҭеит. Дара рхаҭақәагьы афонд афинанстә цхыраара аҭара иазыхиоуп", - иҳәоит Логәуа.

Ансамбль "Ерцахә" аконцерт мҩаԥысуеит абҵара 15 рзы Аҳәынҭқарратә филармониаҿы, Акультура аминистрреи Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониеи рыдгыларала.

Абри амш азы Афонд "Ашана" акциа "Аԥсҭазаара еицаҳахьчап" аа-шықәса ахыҵуеит. Ҳтәылауаа рзы ари лшамҭоуп агәыҳалалра аарԥшразы. Абилеҭқәа рыхәԥсақәа 200 - 300 мааҭ еиҳам. Абилеҭқәа аархәар ҟалоит афилармониа акассаҿы ма ҳара аофис аҿы", - лҳәоит афонд адиректор.

Абарҭ аа-шықәса рзы акциа ала иалыршахахьеит 56 миллион аԥара аизгара, 220-ҩык ахәыҷ чымазыҩцәа ршьапы рықәыргылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0