Афонд "Кьараз" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа Ашықәс ҿыц азы ҳамҭақәа рзыршеит иахьа Аҟәа.
"Сынтәа аашәҩык инареиҳаны ахәыҷқәа асалам шәҟәқәа ҳзаазышьҭыз ҳамҭала еиқәыршәоуп. Ақыҭақәа, араионқәа рҟынтәи автобусла Аҟәаҟәа ахәыҷқәа ааҳгеит иахьа. Аԥсуа, Аурыс театрқәа рҟны аныҳәатә программа рыздырхиеит, уи ашьҭахь астадион "Динамо" аҟны арлахҿыхратә программа дырбаны, аҳамҭақәа рзаҳшеит. Убасгьы уаҵәы-уаҵәашьҭахь иаанхаз аҳамҭақәа ҳшоит, аныҳәа аламҭалазы ахәыҷқәа зегьы ироуеит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Аргәын.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Есышықәса Ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалаз имҩаԥыргоит акциа "Ассир ҳамҭас". Зматериалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа аныҳәа аламҭалазы Аҵаа Бабаду ашәҟәқәа изырыҩуеит ргәазыҳәарақәа анҵаны.