Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәын "Ассир ҳамҭас" азы: аидгылара иабзоураны ахәыҷқәа агәырӷьара амш роуит

© SputnikКадыр Аргәын
Кадыр Аргәын  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Ашықәс ҿыц аламҭалазы ахәыҷқәа аныҳәатә гәалаҟазаара шырзаԥырҵаз.

Афонд "Кьараз" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа Ашықәс ҿыц азы ҳамҭақәа рзыршеит иахьа Аҟәа.

Аргәын "Ассир ҳамҭас" азы: аидгылара иабзоураны ахәыҷқәа агәырӷьара амш роуит

"Сынтәа аашәҩык инареиҳаны ахәыҷқәа асалам шәҟәқәа ҳзаазышьҭыз ҳамҭала еиқәыршәоуп. Ақыҭақәа, араионқәа рҟынтәи автобусла Аҟәаҟәа ахәыҷқәа ааҳгеит иахьа. Аԥсуа, Аурыс театрқәа рҟны аныҳәатә программа рыздырхиеит, уи ашьҭахь астадион "Динамо" аҟны арлахҿыхратә программа дырбаны, аҳамҭақәа рзаҳшеит. Убасгьы уаҵәы-уаҵәашьҭахь иаанхаз аҳамҭақәа ҳшоит, аныҳәа аламҭалазы ахәыҷқәа зегьы ироуеит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Аргәын.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Есышықәса Ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалаз имҩаԥыргоит акциа "Ассир ҳамҭас". Зматериалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа аныҳәа аламҭалазы Аҵаа Бабаду ашәҟәқәа изырыҩуеит ргәазыҳәарақәа анҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0