Арадио

Кәакәасқьыр ашықәсан Аԥсны ихадаз аполитикатә хҭыс азы: ҳазыҟаҵамызт

Аԥсны Жәлар Реизара ахәбатәи ааԥхьара адепутатс иҟаз Ахра Кәакәасқьыр арадио Sputnik аефир аҟны ииасуа ашықәс аихшьаала ҟаҵо, иазгәеиҭеит аполитикатә хҭыс хада – алхрақәа - аҳәынҭқарреи ажәлари азыҟаҵамызт ҳәа.
Sputnik

"Ашықәс аҩнуҵаҟа еиҳаз ахҭыс хада - аҳәынҭқарра ахада иалхра - макьана закәанла аҵыхәтәа ԥҵәаӡам, алҵшәақәа шьақәырӷәӷәам. Алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥгара зинла, шәҟәыла ҳазыҟаҵаӡамызт азы ауп аибарххарақәагьы зыҟоу, аӡбарҭаҟынгьы аус зышьҭоу. Сынтәа раԥхьаӡа акәны аҩбатәи атур мҩаԥысуан, уа ҳаннеи, иаҳбеит ҳшазыҟаҵамыз", - иҳәеит Кәакәасқьыр.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.