Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәакәасқьыр ашықәсан Аԥсны ихадаз аполитикатә хҭыс азы: ҳазыҟаҵамызт

© Sputnik / Томас ТхайцукАхра Кәакәасқьыр
Ахра Кәакәасқьыр  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара ахәбатәи ааԥхьара адепутатс иҟаз Ахра Кәакәасқьыр арадио Sputnik аефир аҟны ииасуа ашықәс аихшьаала ҟаҵо, иазгәеиҭеит аполитикатә хҭыс хада – алхрақәа - аҳәынҭқарреи ажәлари азыҟаҵамызт ҳәа.

Коӷониаԥҳа лымҩаду: Кәакәасқьыр 2019 шықәсазы Аԥсны ихадаз аполитикатә хҭыс иазкны

"Ашықәс аҩнуҵаҟа еиҳаз ахҭыс хада - аҳәынҭқарра ахада иалхра - макьана закәанла аҵыхәтәа ԥҵәаӡам, алҵшәақәа шьақәырӷәӷәам. Алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥгара зинла, шәҟәыла ҳазыҟаҵаӡамызт азы ауп аибарххарақәагьы зыҟоу, аӡбарҭаҟынгьы аус зышьҭоу. Сынтәа раԥхьаӡа акәны аҩбатәи атур мҩаԥысуан, уа ҳаннеи, иаҳбеит ҳшазыҟаҵамыз", - иҳәеит Кәакәасқьыр.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0