Аҵаа Бабаду Аԥсны иҟоу аурыс аруаа 200 ҭаацәара инарзынаԥшуа дрыдныҳәалоит

Аррамаҵзурауаа рзы еиҿкаахоит асахьаркыратә коллективқәа рықәгылара, аспорттә ныҳәақәа, аиндаҭларақәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа рҭаацәарақәа ирҭаараны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи 200 рҟынӡа ҭаацәара ирысасцәахараны иҟоуп.

Аррамаҵзурауаа рзы еиҿкаахоит асахьаркыратә коллективқәа рықәгылара, аспорттә ныҳәақәа, аиндаҭларақәа, ахәыҷқәа рзы аныҳәатә қәгыларақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: