АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 -Sputnik. Ԥхынҷкәын 31 ауха асааҭ 23:00 инаркны Абираҟ ашҭаҟны имҩаԥысуеит аҵааршәтә шоу, нас - адискотека DJ Sneg.
"Аныҳәа сас дахьны дыҟоуп ашәаҳәаҩ Митиа Фомин. Аҵх аҽеиҩшамҭаз аныҳәатә салиут мҩаԥгахоит", - аҳәоит ақалақь ахадара асаит.
Аныҳәа аламҳалазтәи ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара иалагахьеит.
Убас, Адлер, есыҽны асааҭ 11:00 рзы ақалақь ахадара аҿаԥхьа ахәыҷқәа рзы имҩаԥыргоит ашьыжьныҳәа "Алакә тәылахь ашықәс ҿыц азтәи аныҟәара".
Ԥхынҷкәын 28 - 29 асааҭ 12:00 рзы апарк "Ривьера" асасцәа ирзырхиоуп ашоу "Асҭыԥҳа шәаалыԥхьоит", асааҭ 16:00 рзы аӡыршә аҿаԥхьа акәашаратә хәылԥазқәа мҩаԥыргоит.
Ԥхынҷкәын 31 рзы Роза ашҭаҿы иқәгылоит агәыԥ "Моральный кодекс". Акурорт "Красная Поляна" апарк аҿы еиҿкаауп асцена "Ашықәс аамҭақәа". Ара иазыԥшуп акавер-гәыԥ "Дикие" агәыԥ Snow girls рықәгылара.