АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба Аҟәа ақалақь апрокурорс дҟаиҵеит Алхас Агәмаа. Иара ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Алиас Ҭраԥшь. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Алхас Агәмаа диит 1983 шықәса рзы Москва. 2001 шықәса рзы аҟәатәи абжьаратә школ № 14 далганы дҭалеит Урыстәылатәи аиҩызара ауниверситет. Апрокуратура аусбарҭаҟны аус иуеит 2009 шықәса раахыс.
2016 шықәса жәабранмзазы Апрокурор хада иусԥҟала Аҟәа ақалақь апрокурор ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан.
Алиас Траԥшь диит цәыббра 27 1990 шықәса рзы Гәдоуҭа. 2007 шықәса рзы Гәдоуҭатәи абжьаратә школ далгеит.
2012 шықәса рзы далгеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә ҵараиурҭа "Военный университет".
Апрокуратура аусбарҭарҟны аус иуеит 2013 шықәса раахыс.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Руслан Ҭырқьба Аԥсны апрокурор хада ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны апрокуратура хада аилазаара дыдирдырит Адгәыр Агрба