Аҟәа ақалақь апрокурор далхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПрокуратура г. Сухум
Прокуратура г. Сухум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса раахыс Аҟәа ақалақь апрокурорс дыҟан Руслан Ҭырқьба. Иара 2019 шықәса ԥхынҷкәын 26 рзы Аԥсны апрокурор хада ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба Аҟәа ақалақь апрокурорс дҟаиҵеит Алхас Агәмаа. Иара ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Алиас Ҭраԥшь. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Алхас Агәмаа диит 1983 шықәса рзы Москва. 2001 шықәса рзы аҟәатәи абжьаратә школ № 14 далганы дҭалеит Урыстәылатәи аиҩызара ауниверситет. Апрокуратура аусбарҭаҟны аус иуеит 2009 шықәса раахыс.

© Сайт Прокуратуры города СухумАлхас Агумава
Аҟәа ақалақь апрокурор далхуп - Sputnik Аҧсны
Алхас Агумава

2016 шықәса жәабранмзазы Апрокурор хада иусԥҟала Аҟәа ақалақь апрокурор ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан.

Алиас Траԥшь диит цәыббра 27 1990 шықәса рзы Гәдоуҭа. 2007 шықәса рзы Гәдоуҭатәи абжьаратә школ далгеит.

2012 шықәса рзы далгеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә ҵараиурҭа "Военный университет".

Апрокуратура аусбарҭарҟны аус иуеит 2013 шықәса раахыс.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0