Аслан Бжьаниа акциа алахәылацәа рахь днеиит

Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа иалахәын зықьҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра. Рауль Ҳаџьымба аҳәамҭа ҟаиҵеит иахәҭаны иҟалар аҭагылазаашьа ҷыда алагалахоит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Аоппозициатә мчрақәа рблок аԥхьагыла Аслан Бжьаниа Аҟәаҟа дааит. Иара ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаз рахь днеиит.

Амитинг алахәылацәа уи напеинҟьарала иԥылеит.

Уажәазы ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа ҭынчроуп, аха ахыбра аҩныҵҟа иҩналаз аоппозициаа рхаҭарнакцәа мап ацәыркуеит уи ааныжьра.

Рауль Ҳаџьымба атәыла Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит, уи адагьы аҳәамҭа ҟаиҵеит иахәҭаны иҟалар аҭагылазаашьа ҷыда алагалахоит ҳәа.

2019 шықәса мшаԥы 18 рзы Аслан Бжьаниа иҭагылазаашьа уадаҩны Москватәи ахәыәшәтырҭақәа руак ахь днаган. Склифосовски ихьӡ зху ахәышәәтырҭахь инаган ихьчаҩцәа ҩыџьа.

Апарламент адепутатцәеи Рауль Ҳаџьымбеи аицәажәара мҩаԥыргоит

2019 шықәса лаҵара 20 рзы атәыла аиҳабыра рхыбрақәа рҿаԥхьа аоппозициа адгылаҩцәа еизеит алхрақәа ԥхынгәы 21 иахыганы ҭагалан ахь ииагазарц.

Апарламент асессиа ҷыда мҩаԥнагеит абри азҵаара аҭыԥ ақәҵаразы.

Жәлар Реизара амшхәаԥштә азҵаараҿы иқәгылан: "Аԥсны Апарламент ақәҵара "Аԥсны ахада иалхразы" аԥыхрази "Аԥсны ахада иалхрақәа рыҿҳәара ашьақәыргыларази"; "Аԥсны Аҳәынҭқарра аконституциатә закәан "Аԥсны азакәан "Аԥсны ахада иалхразы" ахәҭаҷ 6 ахь амаратори алагаларазы апроект азы".

Абжьыҭира иалагеит аҩбатәи апункт ала. Иахәҭаны иҟаз 24 бжьы рцынхәрас 14-ҩык адепутатцәа абир иақәшаҳаҭхеит. Абас ала иааныжьын арыцхә – 2019 шықәса, ԥхынгәы 21.

Абри ашьҭахь, лаҵара 21 рзы аоппозициаа ирыдыркылеит атәыла ахада иажәалагала: алхрақәа рыҿҳәара ԥхынгәы 21 аҟынтәи нанҳәа 25 ахь ииагазарц.

Рауль Ҳаџьымба лаҵара 22 рзы Апарламент ахь ирыдигалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" аконституциатә закәан аԥсахрақәа алагалазарц Азакәан апроект.

Апроект иазыԥхьагәанаҭоит алхрақәа рыҿҳәара атәыла ахада инапынҵақәа анышьҭеиҵонӡа ҩымз рҟынтәи мызк аҟынӡа реиҵатәра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: