Амитинг алахәылацәа адҵа ҟарҵоит ахада инапынҵақәа шьҭеиҵарц

© SputnikШтурм администрации президента
Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аҟны акциа мҩаԥызго апарламентарицәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥыргарц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Амитинг алахәылацәа адҵа ҟарҵоит ахада инапынҵақәа шьҭеиҵарц, алхра ҿыцқәа мҩаԥгазарц ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

"Аԥсны Апарламент ахада ҿыц иалхразы арыцхә шьақәнарӷәӷәароуп", - иҳәоит амитинг аиҿкааҩцәа ируаӡәку Ахра Аҩӡба.

Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаз азыԥшуп адепутатцәа реилатәара.

Алхас Кәыҵниа ахҳәаа азиуит иҟоу аҭагылазаашьа. Аофициалтә мчрақәа макьаназы иарбанызаалак ҳәамҭа ҟарымҵац.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0