Ашәқәеи, аԥенџьырқәеи ԥҽны: атәыла ахада Иусбарҭа аҽаԥхьа аоппозициа амитинг шымҩаԥысуа

Ажьырныҳәа 9-10 ауха иаашаанӡа аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа игылан.
Sputnik

Аоппозициаа рыдгылаҩцәа, иаҳхысыз атәыла ахада иалхра алҵшәақәа иашам ҳәа иԥхьаӡаны Аҟәа еизеит. Акциа хацыркын Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Аамҭақәак рышьҭахь еизаз атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит.

Зықьҩык инарзынаԥшуа аоппозициаа рхаҭарнакцәа атәыла ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит, ахыбра аҩналара рҽазыршәеит. Урҭ рыхәҭак ахыбра ашә ԥҽны иҩналеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: