Ахада Иусбарҭа ажәлареи, Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц адҵақәеи: амитинг алкаақәа

© SputnikШтурм администрации президента
Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аоппозициаа рыдгылаҩцәа, иаҳхысыз атәыла ахада иалхра алҵшәақәа иашам ҳәа иԥхьаӡаны Аҟәа еизеит ажьырныҳәа 9 рзы. Акциа хацыркын Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Аамҭақәак рышьҭахь еизаз атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа, ахада Иусбарҭа, Апарламент рҟны аҭагылазаашьа Sputnik аматериал аҿы.

Аӡбареи Ахада Иусбарҭа ажәлареи

Ажьырныҳәа 9 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ аилатәара хацнаркит ахашшааратә инстанциа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахь ала.

Суд по иску Квициниа - Sputnik Аҧсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра иалагеит

Аилатәара далахәын – Алхас Кәыҵниа.

Азашшҩы иинтересқәа лыхьчоит адукат Инга Габилаиаԥҳа, аҭакҟаҵаҩ иинтересқәа рыхьчоит азиндырыҩ Гиви Габниа, адукат Марина Ҭаниаԥҳа, адукат Кристина Габелиаԥҳа, азиндырыҩ Дмитри Шамба.

Ахашшааратә комиссиа иалахәын аӡбаҩцәа: Темур Ҭарба, Роман Кәарҷиа, Лиа Адлеиаԥҳба.

Аӡбарҭа ахыбра рыхьчон.

Ахашшааратә инстанциа аӡбаҩцәа азашшҩы идукат Инга Габелаиаԥҳа лзыҳәа иақәшаҳаҭхеит аӡбаҩ Роман Кәарҷиа аилазаара иалгаразы. Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра Роман Кәарҷиа далахәхаӡом.

Роман Кәарҷиа иалгара ашьҭахь еиҿкаахоит аилазаара ҿыц. Аилазаара аиҿкаара аҿҳәара азгәаҭам.

Убри аамҭазы, асааҭ 13:00 рзы аҿагыларатә акциа хацыркын Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Дара азыԥшын Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара иҟанаҵараны иҟаз алкаақәа.

Аилатәара аартын асааҭ 12:00 рзы.

Здание Верховного суда Абхазии перед началом заседания, 17 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра Роман Кәарҷиа далахәхаӡом

Асааҭ 13:15 рзы зықьҩык инарзынаԥшуа акциа алахәылацәа ахада Иусбарҭа ахыбра аҿаԥхьаҟа ииасит.

Аоппозициаа дҵаны иҟарҵоит Рауль Ҳаџьымба иалхра еиҭахәаԥштәуп ҳәа.

Асааҭ 13:30 рзы акциа алахәылацәа ахыбра иажәланы ашәқәа ҿырхит, аԥенџьырқәа рсаркьақәа ԥырыҽҽит, ахыбра аҩныҵҟагьы аҩналара иалагеит.

Асааҭ 14:30 рзы ахыбра иҩналеит. Убри аан урҭ аҳәара рырҭон амазара иаламкьысырц, аԥхасҭа ҟарымҵарц.

Асааҭ 15:00 рзы амитинг алахәылацәа ахыбра рнапахьы иааргеит. Абри ашьҭахь амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәа русзуҩцәеи реиҿагылара еиқәтәеит.

Алхас Кәыҵниа аҭагылазаашьа ахҳәаа аҭо иҳәеит аус аҭышәныртәалара адепутаттә корпус адыԥхьалатәуп ҳәа.

"Аҭагылазаашьа ҳампыҵҟьар ҳҳәынҭқарра ҳцәыӡыр алшоит. Уи ҟалашьа амам. Адепутатцәа ргәаанагра рҳәароуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа Апарламент аҿы еизеит иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа акәзар аҳәамҭа ҟанаҵеит Аҟәа иҟоу аҭагылазаашьа ишашьҭаԥшуазы.

"Аҳҭнықалақь аҿы, ақалақь агәы аалхны, иҭынчроуп. Аҟәа иҟоу урыстәылаа ирабжьаагоит аҿагыларатә акциақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рыҽрыцәхьаркларц", - аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Рауль Хаџьымба: аҭынчра аарԥштәуп

Рауль Ҳаџьымба иааинырсланы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иаҭахханы иҟалозар атәылаҿ иҷыдоу аҭагылазаашьа алагалахоит ҳәа.

Атәыла ахада ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭынчра аадырԥшырц.

"Аконституциа агарантк иҳасаб ала аҭагылазаашьа азинтә шьаҭа иацәхьамҵырц азы иахәҭаны иҟоу анапынҵақәа зегь ҟасҵахьеит. Имариам абри аҭагылазаашьа аан ҳара ахынкылара ааҳарԥшыроуп, ҳҳәынҭқарра аҵшәаара алаҳмыршароуп", - иҳәеит иара.

Аоппозициа рыдҵа: ахада инапынҵақәа шьҭеиҵарц

Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны Апарламент адепутатцәа Леонид Чамагәуа, Илиа Гәниа, Инал Ҭарба, Дмитри Гәынба, Алхас Џьынџьал атәыла ахада дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дачахь инеиит иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы. Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа изаамҭанытәим аилатәараан ихы хәарҭамкәа иахьибаз иахҟьаны ахәышәтәырҭахь днаргеит.

Обращение Рауля Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: иаҭахханы иҟалозар атәылаҿ иҷыдоу аҭагылазаашьа алагалахоит

Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадаҿы Sputnik акорреспондент адырра ирҭеит Кәарҷиа иҭагылазаашьа шшәарҭам азы.

Асааҭ 19:00 рзы аоппозициатә мчрақәа рблок аԥхьагыла Аслан Бжьаниа Аҟәаҟа дааит. Иара ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаз рахь днеиит.

Амитинг алахәылацәа уи напеинҟьарала иԥылеит.

Уажәазы ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа ҭынчроуп, аха ахыбра аҩныҵҟа иҩналаз аоппозициаа рхаҭарнакцәа мап ацәыркуеит уи ааныжьра.

Асааҭ 19:40 рзы аделегатцәа Апарламент ахь ихынҳәит. Атәыла ахада амитинг алахәылацәа рыдҵа дазыӡырҩит аха аҭак аҟаҵара дшазыхиам иҳәеит. Иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара дшазхәыцуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0