"Жәытә-натә аахысгьы ажәлар азин рыман ирыгу-ирыбзоу атәы рҳәарц, аха асҵәҟьа, "аныха иашьцылаз амаҵә агәыдиҵон" ҳәа, лассы еизаны, уиаҟара зҵазымкәа азҵаарақәа рзы амитингқәа реиҿкаара бзиам. Ус еиԥш ҳашьцылар ҟалоит. Напхгаҩык днатәаны иуадаҿы ииӡбаша азҵаарақәа ажәлар еизганы, амҩаду ианыргыланы, акгьы хьаас имкыкәа ирыӡбар рҭахуп. Еиҳарак ари ахҭыс напхгара азызуа аҳәынҭқарра анапхгара аганахьала агәалақәа змоу роуп. Агәалақәа аҵаӡӷә бзиа рымазароуп, ҳара гхак аабацыԥхьаӡа, аҳәынҭқар уԥхьатәароуп ҳәа иаҳҳәо ҳалагар, ҳашьцылоит. Аҳәынҭқаррақәа рҿы рытрадициақәа ирықәшәо азҵаарақәа рыӡбашьа иақәшәоит. Ҳара ҳҿы агха ҟалацыԥхьаӡа аҵыхәтәаны амҩадуқәа рҿы ҳаизаны иҳаӡбоит, уи ԥшӡам, иманшәалам", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷаниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ԥлиаԥҳа Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьазы: иахьакәым амҩахь икылсит
Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциазы апрокуратура ашьаус хацнаркит