"Амитингқәа рыла (амчра ахҳәара – аред.) шамахамзар акы-ҩба аҳәынҭқаррақәа рҟны, иаагозар Иугославиа Милошевич данықәыргоз, ажәытәӡатәи аформа ҳәа иҟоу аохлократиа, еизаны иҟоу ажәлар рымчра, убразаҵәык аус аухьеит. Егьырахь ажәлар еиҿкааны акәымкәа, еизаны ари дықәгатәуп ҳәа арҵәаа иҳәҳәо адәы ианықәгылоу - уи даараӡа иус хьанҭоуп, аҳәынҭқарра ҵызшәаауа ауп. Аполитика аибафараҟны иара аформа ыҟоуп, амзызқәа зырҽеиуа аус ыҟоуп. Закәанла амитингқәа рымҩаԥгара азин ҳамоуп, аха зегьы рзы адәы ҳақәгыланы абри дықәгатәуп ҳәа аҳәара – аҳәынҭқарра ҵнашәаауеит. Иахьатәи аҭагылазаашьаҟны аоппозициеи аиҳабыреи реилибамкаара иахҟьеит. Ара агәынамӡара ду ыҟоуп, ажәлар абри ҳҭахуп, ауалафахәы ҳамам, ари ҳԥырхагоуп рымҳәаӡеит, еицҿакны "аиҳабыра ҳгәы ԥҵәеит, шәаҳԥырҵ, шәаангыл!" ҳәа ауп ирҳәо. Уи иаанаго аҳәынҭқарра аус иахьакәым амҩахь икылсит, иаанаго арҭ аҳәынҭқарра рызныҟәымгозаап, рыжәлари дареи аилибакаара рымаӡам ауп", - лҳәеит Ԥлиаԥҳа.
Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.