Ахадарахьы акандидатурақәа рықәыргылара иалагоит ажьырныҳәа 22 инаркны

Аԥсны Алхратә комиссиа хада ажьырныҳәа 12 рзы ирыланаҳәеит хәажәкыра 22 Аԥсны ахада иалхрақәа ирымшны.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Атәыла ахадаразы акандидатцәа ркандидатурақәа рықәыргылара ҟалоит ажьырныҳәа 22 инаркны, алхрақәа 60 мшы шрыбжьоу ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АКХ аҿы.

АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа ҟалоит хәажәкыра 22 рзы

Иахәҭаны иҟоу адокументқәа анынашьҭхалак ашьҭахь АКХ аҿы акандидат ашәҟәы дҭаргалароуп 10 мшы рыҩнуҵҟа. Акандидатцәа рҭаҩра хыркәшахоит абжьыҭара амш аҟынӡа 30 мшы шыбжьоу.

Ажьырныҳәа 9 рзы Аҟәа аҿагыларатә акциақәа ирылаган. Аоппозициа ахаҭарнакцәа атәыла ахада иԥхьатәара дҵаны иқәдыргылон. Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа ишьақәнарӷәӷәеит ҭагалан Аԥсны имҩаԥысуаз алхрақәа раан АКХ алкаақәа иашамызт ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба ари аӡбамҭа дазашшырц игәҭакуп.

Аԥсны Алхратә комиссиа хада ажьыныҳәа 12 рзы ирыланаҳәеит хәажәкыра 22 алхрақәа ирымшны.

Азакәан инақәыршәаны кандидатс рхы ықәдыргылар алшоит уаанӡа иқәгылаз реиԥш аҿыцқәагьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: