Гогьиа алхра ҿыцқәа ирԥырхагоу азиндырратә еиқәымшәарақәа ртәы далацәажәеит

© SputnikТамаз Гогия
Тамаз Гогия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Алхратә комиссиа хада аӡбамҭа аднакылеит 2020 шықәса хәажәкырамза 22 рзы аиҭалхрақәа мҩаԥгазарц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы еиқәырыԥхьаӡеит атәыла азакәанԥҵараҿы алхрақәа ирԥырхагахар зылшо аҭагылазаашьақәа.

"Ҳара иахьа азҵаарақәа рацәаны ҳрылацәажәеит. Алхрақәа рзы азакәан аԥсахрақәа аҭахуп. Уа ирацәоуп еиҿагылоу аҭагылазаашьақәа. Урҭ рыԥсахра хымԥада иаҭахуп. Иаҳҳәап, ахәҭаҷ 20. Иарала аӡбамҭа адкылара аҿҳәара иахысхьеит", - иҳәоит Гогьиа.

Тамаз Гогия  - Sputnik Аҧсны
АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа ҟалоит хәажәкыра 22 рзы

Атәыла ахада иалхразы азакәан ахәҭаҷ 20 ала аиҭалхрақәа мҩаԥгахароуп алхра хадақәа рышьҭахь ҩымз ирхымгакәа. Арахь, 2019 шықәса цәыббрамза аахыс хымз ҵхьеит. АКХ ари шаднакылаша аздырам иҳәеит иара.

Уи адагьы, апроблема аҵоуп закәанла аиҭалхрақәа раан уаанӡатәи алхраан ахархәара змаз алхыҩцәа рсиа хадала рымҩаԥгара.

Гогьиа дҵаауеит ибжьысыз аамҭазы зықәра наӡаз ауаа ишԥарзутәу ҳәа. Иара игәаанагарала, ари аимак-аиҿак цәырнагоит.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа ажьырныҳәа 10 рзы аиҭалхрақәа раантәи абжьыҭирақәа рылкаақәа иашам ҳәа ахнаҳәааит. Ари аӡбамҭа азашшра алшоит ҩымз рыҩнуҵҟа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аҿы. Апрезидиум акәзар, иарахьы ашшыԥхьыӡ аннеилак ашьҭахь, жәымз рыҩнуҵҟа абри аус аӡбалар ҟалоит.

Ҳаџьымба АКХ аӡбамҭа дахашшаарц игәы иҭоуп - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба АКХ аӡбамҭа дахашшаарц игәы иҭоуп

Апрезидиум ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа алхрақәа ҟалаанӡа ииашам ҳәа ахнаҳәаар, алхрақәа аԥыххоит.

"Ари аҩыза аҭагылазаашьаан сара иҟаҵатәу сыздыром", - иҳәоит Гогьиа.

Иара убасгьы еилкаам аҩбатәи атур ахь ҩыџьа акандидатцәа неир, аха руаӡәк еилкаам мзызқәак ирхырҟьаны аиҭалхра дзалахәымхар. Ари азҵаарагьы ҭакдоуп.

Азиндырратә зҵаарақәа рыдагьы АКХ ахантәаҩы афинанстә уадаҩрақәа ҟалоит иҳәеит. Арҭ азҵаарақәа зегьы уажәнатә рыӡыбра хымԥадатәиуп.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа ажьырныҳәа 10 рзы аиҭалхрақәа раантәи абжьыҭарақәа рылкаақәа иашам ҳәа ахнаҳәааит. Ари азашшра алшоит ҩымз рыҩнуҵҟа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аҿы. Апрезидиум акәзар, иарахьы ашшыԥхьыӡ аннеилак ашьҭахь жәымз рыҩныҵҟа абри аус аӡбалар ҟалоит.

Рауль Ҳаџьымба ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа азашшра игәҭакуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0