АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 21, 2020 шықәса рзы, абри атәы ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаз ирылеиҳәеит Аоппозициатә мчрақәа рблок аиҳабы Аслан Бжьаниа.
"Иахьа жәаминуҭк раԥхьа АКХ аилатәара аӡбамҭа аднакылеит. Хәажәкыра 21, ҳазну ашықәс азы алхра ҿыцқәа ҟалоит", - иҳәеит Бжьаниа.
Иара убас, аҳәара ҟаиҵеит ауаа макьана имеимпырц, ачҳара аадырԥшырц.
Аҟәа аԥшьаша, ажьырныҳәа 9 рзы аҿагыларатә акциақәа ирылагеит, аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада инапынҵақәа аанижьырц адҵа ҟарҵоит.
Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа цәыббрамзазы имҩасыз ахада иалхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ аӡбамҭа закәаным ҳәа иазханаҵеит.
Ҳаџьымба ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа дахашшаарц игәы иҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь.
Ахада иалхрақәа ҩаԥхьа имҩаԥысны ахада ҿыц инапынҵақәа дырхагылаанӡа азакәан инақәыршәаны аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа наигӡалоит Рауль Ҳаџьымба.
Аха аоппозициа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа амитинг шымҩаԥнагац имҩаԥнагоит, урҭ Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа шықәдыргылац иқәдыргылоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аслан Бжьаниа: АКХ иахьа ишьақәнаргылароуп Аԥсны ахада иалхрақәа ррыцхә