Аслан Бжьаниа ахада иалхра ҿыцқәа иалахәразы: нас иаабап

© SputnikАслан Бжьаниа
Аслан Бжьаниа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа ашьыжь ахада Иусбарҭахь инеиз аоппозициатә мчрақәа рблок аԥхьагыла Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Sputnik акорреспондент илеиҳәеит Алхратә комиссиа хада аилатәара иахьа ишымҩаԥысуа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. Аоппозициаа раԥхьагыла Аслан Бжьаниа ахада иалхра ҿыцқәа ирылахәра азҵаара аҭак ҟаиҵеит.

Хаџьымбеи Нургалиеви еиԥылеит - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымбеи Нургалиеви еиԥылеит

Иара иажәақәа рыла, ари азҵаара уажәы иактуалым, уажәазы ихадоу иҟоу аполитикатә кризис алҵшьа атәоуп.

"Нас иаабап", - иҳәеит иара.

Бжьаниа ишиҳәаз ала, иҟоуп ацәажәарақәа Ҳаџьымба адиалог дазыхиоуп ҳәа. Иара иганахьала аконкреттә жәалагалақәа ҟалар, урҭ рықәҿыҭра дшазыхиоу иҳәеит.

Аоппозициаа раԥхьагыла Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба зааибагарак дазкылымсыр аҭагылазаашьа уадаҩхоит ҳәа.

"Аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахоит. Аҭагылазаашьа ахылаԥшра залмыршахаргьы ҟалоит, ахада иганахьала ашьаҿақәа ҟамлар", - иҳәоит иара.

Аҟәа аԥшьаша, ажьырныҳәа 9 рзы аҿагыларатә акциақәа ирылагеит, аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада инапынҵақәа аанижьырц адҵа ҟарҵоит.

Георгий Габуния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Азиндырыҩ Габуниа: алхрақәа рзы азеижәтәи ахәҭаҷ аполитикцәа алахәҳаахәҭуеит

Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа цәыббрамзазы имҩасыз ахада иалхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ аӡбамҭа закәаным ҳәа иазханаҵеит.

Ҳаџьымба ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа дахашшаарц игәы иҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь.

Ахада иалхрақәа ҩаԥхьа имҩаԥысны ахада ҿыц инапынҵақәа дырхагылаанӡа азакәан инақәыршәаны аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа наигӡалоит Рауль Ҳаџьымба.

Аха аоппозициа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа амитинг шымҩаԥнагац имҩаԥнагоит, урҭ Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа шықәдыргылац иқәдыргылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0