Аԥсны иҟоу аурыс аруаа сынтәатәи ашықәс азы раԥхьатәи рҽазыҟаҵарақәа хацдыркит

Арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҿы, ашьхареи амшын аԥшаҳәеи иахьрыҵаркуа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Адесантникцәа злахәу аеромобилтә гәыԥқәа "аӷа" имчқәа ҭадырхараны иҟоуп Аԥсны излагаз аҽазыҟаҵарақәа раан ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҿы, ашьхараҿи амшын аԥшаҳәаҿи. Аҽазыҟаҵарақәа раан аррамаҵзурауаа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы парашиутда ртәара мҩаԥысуеит, "аӷа" иршьаҟауааи итехникеи авертолиотқәа рҟынтәи иҭадырхоит", - аҳәоит адырраҭара.

Иааидкыланы аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит зықьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа.

Планла адесантникцәа ҳауала ирмаӡаны ҭыԥк аҟынтәи аҽа ҭыԥк ахь ииагахоит, инахараны иҟоу "аӷа" даԥырырхуеит.

Аиҳарак азхьаԥшра аҭахоит адесантникцәа рдыррақәа. Арҟәша азырхоуп ҳауала ар ииаганы аибашьра амҩаԥгара ралархәра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: